Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «2024-тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроекти 2024-тәи ашықәс азы Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы Аиндикативтә плани ирыхәаԥшит ашәахьа, ԥхынҷкәынмза 4 рзы имҩаԥысыз абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы.
Аилатәара иалахәыз ареспубликатә биуџьет ахышәа-ҵышәа инарҭбааны иалацәажәеит. Убас, 2024-тәи ашықәс азы Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет ихадоу апараметрқәа абасала ишьақәгылоуп:
Ахашәалахәқәа рыла – 14 млрд. 361 млн. 093,4 нызықь мааҭ;
Аныхтәқәа рыла – 15 млрд. 789 млн. 411,2 нызықь мааҭ;
Абиуџьет адефицит – 1 млрд. 428 млн. 317,8 нызықь мааҭ.
Ареспубликатә биуџьет ихадоу апараметрқәа абасала ишьақәгылоуп:
Ахашәалахәқәа рыла – 10 млрд. 931 млн. 384,9 нызықь мааҭ;
Аныхтәқәа рыла – 12 млрд. 197 млн. 026,1 нызықь мааҭ.
Абиуџьет адефицит – 1 млрд. 265 млн. 641,2 нызықь мааҭ.
Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраара азԥхьагәаҭоуп абарҭ апараметрқәа рыла:
Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы – 3 млрд. 900 млн. 732,7 нызықь мааҭ;
2023-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестицақәа рымҩаԥгара азы – 1 млрд. 093 млн. 500,0 нызықь мааҭ;
2022-2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара азы аусмҩаԥгатәқәа рфинансыркра азы – 162 млн. мааҭ.
Адепутатцәа хыԥхьаӡара рацәала иҟарҵаз азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа.
Апарламенттә еилакы аҿы «2024-тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект ахәаԥшреи актәи аԥхьараҿы адкылареи рзы Апарламент ааигәа имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәара ахь ацәыргара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аилатәара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, уи ихаҭыԥуаҩ Ирма Амҷба, ашахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хециа, Ареспублика Аԥсны Аконтролтә Палата ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба.
Аилатәара мҩаԥигон апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.