АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынҷкәын.2023

Алеқсандр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аректор Дмитри Беспалов дидикылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аректор Дмитри Беспалов дидикылеит.  

Дмитри Беспалов Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети аԥсуа гани ирыбжьоу аусеицура атәы еиҭеиҳәеит.  Уи иажәақәа рыла, иарбоу аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2014 шықәса раахыс имҩаԥысуеит аҵарадырратә, аҭҵааратә, анаукатә хырхарҭа змоу аусмҩаԥгатәқәа жәпакы.  

Урыстәылатәи Афедерациа анаукеи иреиҳау аҵарадырреи Рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра Аминистрреи рыцхыраарала азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы апрограмма иахысит Аԥснынтәи 2500-ҩык инареиҳаны  аспециалистцәа (аҳәынҭқарратә маҵурауаа, аекономикатә сектори аҵарадырра аусхки русзуҩцәа) .

Иара убас, аԥснытәи аспециалистцәеи ставропольтәи Ауниверситет ахаҭарнакцәеи аусхкы аиҿкаара азы аҵарадырра азы азакәан апроекти азакәанеиҵатә шәҟәынҵақәеи реиқәыршәара аҿы аус еицыруан.

Аганқәа иара убас изаамҭанытәиу апроектқәеи 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәеи ирылацәажәеит.


Read 124 times - Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023 01:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.