АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынҷкәын.2023

Даур Занҭариа игәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысуеит ԥхынҷкәынмза 7 рзы Москва ақалақь аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  7 рзы, Москва ақалақь, Ростоваа Рыҩны аҿы аԥсуа поет Даур Занҭариа (1953-2001 шш.) диижьҭеи 70-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысуеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит «Москватәи аԥсуа  Диаспора» Феисбук аҿы адаҟьа.  

«Даур Занҭариа  — сыԥсҭазаараҿы исԥылахьоу абаҩхатәра ду злаз ауаа дреиуан. Иаамсҭашәаз, иҳалалыз, иара аԥсуа литература еиԥш аурыс литератураҿгьы аҟыбаҩ злаз зегьы рзы даартын.   Даур Занҭариа ипрозеи ипоезиеи саԥхьаанӡагьы, сара насыԥ сыман  анаҩс ҳаизыҟазаашьақәа шьақәзыргылаз ахҭыс ақәшәара. Аԥсны саныҟаз сара сақәшәеит Даур иҭаацәараҿы иҟаз агәырӷьачара.  Анаҩс хәылԥазык азы иара дысзаԥхьон иажәеинраалақәа. Сара иаразнак еилыскааит –  саԥхьа дгылоуп апоет».  Убас Даур Занҭариеи иареи реиқәшәара игәалаиршәон апоет, апрозаик Евгени Реин.

Агәалашәаратә хәылԥазы рхы аладырхәуеит Аҟәа иҟоу Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр адиректор Циза Гәымба, аԥсуа шәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа, апоет, аиҭагаҩ Анил Џьанвиџьаи (Индиа), аҭоурыхҭҵааҩы Иури Анчабаӡе, ашәҟәыҩҩцәа Леонид Бахнов, Марина Москвина, Владислав Отрошенко, ашәҟәыҩҩы, асахьаҭыхҩы Леонид Тишков, амузыкант Сергеи Летов (Урыстәыла).

Амодератор – Даур Занҭариа ирҿиара аҭҵааҩы ашәҟәыҩҩы, антрополог Игорь Сид.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥгахоит: ақ.Москва, Поварскаиа амҩа 52/55, Ростоваа Рыҩны.

Аусмҩаԥгатә анымҩаԥгахо аамҭеи арыцхәи:  ԥхынҷәынмза 7, 2023 шықәса рзы, асааҭ 19:00-21:00 рзы.      

 


Read 175 times - Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023 01:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.