АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа рҟны аӡынтәи арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡынтәи арратә ҽазыҟаҵарақәа еиҿкааны рылагара, комлексла арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны, Атәылахьчара аминистрра архәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи ирҭааит Ахылаԥшырҭа анапхгараҭара ахаҭарнакцәа.  

Дара архәҭақәа рҿы арратә зыҟаҵара апланқәа, арратә зыҟаҵара, атактика-цәаҳәақәгыларатә зыҟаҵарақәа рзы апланқәа рыҟазаареи рынагӡареи ахьынӡаалыршоу гәарҭон, иара убас акомандаҟаҵаратә зыҟаҵара аиҿкаара, атехника, абџьар, аҵара-материалтә база арратә зыҟаҵара азы аҽазыҟаҵарақәа рзы рыхиара аҩаӡара, аӡынтәи арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аиҿкаара шымҩаԥысуа, уҳәа игәарҭон.

«Аӡынтәи аҽазыҟаҵарақәа архәҭақәеи урҭ рыҟәшеиҵақәеи зегьы рҿы аныҳәатә цәаҳәақәгыларала иалагеит», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра аофициалтә саит.

Ԥхынҷкәынмза  4 рзы, аҽазыҟаҵаатә мшы иалагӡаны ауаажәларра-ҳәынҭқарратә зыҟаҵара; аҽазыҟаҵарақәа, аҵара, атехникеи абџьари рхархәараан ашәарҭадаразы ауснагӡатәқәа; абылрацәыхьчаратә ҽазыҟаҵарақәа; арра-медицинатә зыҟаҵара, уҳәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан.

Ԥхынҷкәынмза 5 рзы архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи рҿы имҩаԥысит атактика-цәаҳәақәгыларатә ҽазыҟаҵарақәа. Урҭ рҳәаақәа ирҭагӡаны ашәарҭара ҟалар атәылахьчара Аминистрра архәҭақәеи хазы игоу арратә ҟәшеиҵақәеи реилазаараҿы ахымҩаԥгашьазы акомплекстә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган.


Read 165 times - Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023 02:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.