АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынҷкәын.2023

Анапылампыл азы атурнир аҿы аиааира згаз Гәыԥ ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны иҭахаз иҭаацәа ирзырышьҭит 60 нызықь мааҭ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәнмза 2 -3 рзы Очамчыра ақалақь аҿы анаплампыл азы ари аспорт абзиабаҩцәа рыбжьара  «Очамчыра араион ахада Ихраҿа-2023» агаразы атурнир мҩаԥысуан.

Атурнир рхы аладырхәит араион зегьы аҟынтәи 12 командак, урҭ ҩ-гәыԥкны еихшан.  

Атурнир аҿы аиааира агеит Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда.

Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, акомандақәа «РОНО», «ДЮСШ» рыбжьара афиналтә матч алагаанӡа, «РОНО» ихадоу ахәмарыҩцәа руаӡәы Гәыԥ ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны  иара изааигәаз ауаҩы дышҭахаз азы  адырра ирҭеит. Уи ахәмарра ихы изаламырхәӡеит.

«Агәыҳалалра аҳасабала, атурнир аҿы аиааира згази акоманда-аԥхьахәгаҩи аԥхьахәтә фонд зегьы- 60 нызықь мааҭ абылра иахҟьаны иҭахаз иҭаацәа рыҭаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», –  ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭемыр Ԥачлиа.

 


Read 187 times - Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023 02:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.