АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынҷкәын.2023

Ԥхынҷкәынмза 11 – 18 рзы урыстәылатәи аҳақьымцәа-аволонтиорцәа ахәыҷқәа рыдкылара мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 11 – 18 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи Аволонтиортә ценрқәа Рассоциациеи жәларбжьаратәи агуманитартә проект «Ақьиара Амиссиа» нанагӡалоит. Аԥсны ари апроект абар шьҭа ҩынтәны имҩаԥыслоит, уи Аҟәа, Очамчыра, Гәдоуҭа амҽханакуеит.  

«Апроект «Ақьиара Амиссиа» жәларбжьаратәи аволонтиорреи аҳәааныртәи атәылақәа агуманитартә хырхарҭала аус рыцуреи иацхраауеит. Амиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла атәылауаа жәларбжьаратәи аволониорра амҩаԥгараҿы ацхыраареи аԥышәеи раиура азы асоциалтә ҵакы змоу аволонтиортә проектқәа рхы аладырхәуеит, Икомерциатәым Аиҿкаарақәеи Инапхгаратәым Аиҿкаарақәеи  (НКО; НПО) рфондқәа адгылара арҭоит», – ҳәа иазгәаҭоуп апроект апресс-релиз аҿы.

Амиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны арахь иаараны иҟоуп аволонтиорцәа: аҳақьымцәа-ортопедцәа, апсихологцәеи неиропсихологцәеи. Аҳақьымцәа-ортопедцәа зыртәашьа бзиам, иара убас ашьапашҵаҩызра змоу ахәыҷқәа ирыхәаԥшуеит, аҭыԥантәи аҳақьымцәа-артопедцәа ҳаамҭазтәи амаругақәа рыла ашьапашҵаҩызра адиагностика аметодқәа ддырҵоит. Анеиропсихолог аиҵбыратә классқәа рҿы итәоу ашколхәыҷқәа рҭаацәа хра злоу абжьгарақәа риҭоит, апсихолог ашколтә психологцәа рзы амастер-классқәеи астол-гьежьқәеи мҩаԥигоит.

Апроект «Ақьиара Амиссиа» мҩаԥгахоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ала. Убри аан уи адгылара анаҭоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵарадырра Аминистрра, Ахәыҷтәы Фонд «Росток».


Read 179 times - Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023 03:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.