АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынҷкәын.2023

Згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рыбжьара астолтә ԥкьаҭмпыл азы атурнир мҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рыбжьара астолтә ԥкьаҭмпыл азы атурнир. Уи адунеи зегьы аҿы ԥхынҷкәынмза  3 рзы иазгәарҭо згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа Жәларбжьаратәи Рымш иазкны амҩаԥгара еиҿнакааит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет.

Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет амиссиа ахада ихаҭыԥуаҩ Борис Казанба иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа 2012 шықәса раахыс имҩаԥыргоит.

«Ҳара имҩаԥаагахьеит ашьаылампыл азы аматчқәа, анардқәеи астолтә ԥкьаҭмпыл азы ачепионатқәа, иара убас Пицундатәи аипподром аҿы аҽырыҩрақәа еиҿаҳкаахьеит.  Арҭ аусмҩаԥгатәқәа зегьы рхықәкы хаданы иҟоу – згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа ауаажәларрахь ринтеграциа алыршара ауп, избан акәзар, урҭ рмотивациеи ренергиеи ахшыҩзышьҭра аҭара ахәҭоуп. Аԥкьаҭмпыл азы атурнир изныкымкәа  имҩаԥысхьеит Аҟәа ақалақь аҿы»,  – ҳәа иазгәеҭеит Борис Казанба. 

Иара иҭабуп иҳәеит Аԥсны астолтә ԥкьаҭмпыл Афедерациа атурнир аиҿкаараҿы иҟанаҵаз ацхырааразы.

Атурнир рхы аладырхәит Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа рхаҭарнакцәа.


Read 154 times - Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023 23:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.