АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынҷкәын.2023

2023 шықәса 11 мзы рыла Аԥсны абиуџьет ахь аҳазалхратә шәарақәа 3,3 млрд мааҭ инареиҳаны иалагалоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса 11 мзы рыла Аԥсны абиуџьет ахь иалагалан 3,3 млрд мааҭ инареиҳаны аҳазалхратә шәарақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы.

11 мзы рзы иҟоу арбагақәа планла иарбаз аасҭа 742 млн мааҭ рыла еиҳахеит. Уи шазҭоу ашықәс азы планла иарбаз аасҭа 129% рыла еиҳауп.

Ҵыԥхтәи ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа иалагалан 671 млн мааҭ рыла еиҳаны, усҟан 11 мзы рыла иалагалан 2,6 млрд. 672 млн. мааҭ.

 


Read 191 times - Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023 20:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.