АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынҷкәын.2023

Амилициа аусзуҩцәа Очамчыра араион аҿы 29 цыра амаининг хархәагақәа рыԥшааит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵала ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҿы амаинингҿагыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит. Убас, Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәеи  Аҳәынҭстандарти, Ашәарҭадаратә маҵзуреи ԥхынҷкәынмза 4 рзы агәаҭарақәа анеицымҩаԥыргоз  Очамчыра араион аҿы ирбеит 29 хархәага. Арҭ ахархагақәа зтәыз административтә хьырхәра иақәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Ахәҭакахьала, 24 маруга рыԥшааит Мераб Қацәба иҟны, 2 - Баҭал Кархалаа иҟны, 3 - Мераб Кверквелиа иҟны.

Уаанӡа Ҭҟәарчал араион Аҟармара ақыҭан атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа аусзуҩцәа рыла Ерик Багаҭелиеи Ҭеимураз Козаеви иртәыз акриптофермаҟны 108 маининг-хархәага ԥшаан.

Арҭ ауаа Аԥсны Аҳәынҭқарра Админстративтә Зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 96, ахәҭа  2 инақәыршәаны административтә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп.

Ирымырхыз ахархәагақәа  аамҭалатәи аҵәахразы Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭстандарт иатәу ашьҭаҵарҭахь инагоуп.

 


Read 123 times - Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023 20:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.