pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аекономика Аминистрра аҟны имҩаԥысит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Аԥсныҟа аусуратә визитла иааз Ареспублика Башкортосҭан аделегациа ахаҭарнакцәеи реиԥылара, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара рхы аладырхәит Ареспублика Башкортоҭан Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ – акономикатә ҿиареи аинвестициатә политикеи рминистр Русҭам Муратов, адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистр Маргарита Болычиовеи ааглыхра, енергетикеи аинновациақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ – Валери Галиев.

Аԥсуа ган аҟынтәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнаҩс аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Теимураз Миквабиеи Емма Голеузовеи.

Ареспубликақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура аҿиара иазкыз аиԥылара аҿы аганқәа аекономикатә усеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәжәеит.

«Башкириеи Аԥсни акыр шықәса раахыс аимадарақәа рыбжьоуп, урҭ шьақәгылеит Аԥсны азы акыр иуадаҩыз аамҭа азы. Ҳҭоурых аҟынтәи ҳара иаадыруеит аибашьра анцоз ахәрақәа зауз ҳаибашьцәа Башкортосҭан амедицинатә цхыраара шроуаз, 100-ҩык инареиҳаны астудентуәа Башкортосҭан аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵеит, иреиҳаӡоу аҵарадырра роуит. Мҽхакы ҭбаала агуманитартә цхыраара Аԥсныҟа иаауан. Ҳара уи ҳхашҭраны ҳаҟаӡам. Иахьа ҳара ҳаизыҟазаашьақәа иҿыцу аҩаӡара ахь ицәырҵуеит, аперспектива азы апланқәа шьақәҳаргылоит», - ҳәа илҳәеит Кристина Озган.

Аҟәа.  Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса  Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа Аԥсныҟа иааз Ареспублика Башкортосҭан анапхгаратә делегациа аилазаара аҿы иҟоу аҵареи анаукеи рминистр  Аибулат Хажин диԥылеит.

Аиԥылара иалахәын иара убас аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь адиректор Светлана Габлиеи.

Инал Габлиа асас бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо аганқәа анаҩстәи аусеицура шрыбжьало азы агәыӷра шимоу ааирԥшит.  

«Иахьа ҳара Башкортосҭанынтәи ахәыҷқәа рзы потенциалла ахархәара заур алшо аобиектқәа ҳарҭаараны ҳаҟоуп. Иара убас ҳколлеџьқәа рыбжьара аусеицура абжьаҵара ҳалацәажәоит, анаҩс анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит. Исымоу алшара схы иархәаны, шәколлегацәеи шәареи жәларбжьаратәи аԥхынратәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» алахәхара азы ааԥхьара шәысҭоит», - ҳәа иҳәеит аминистр.

Аҟәа.  Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза 30 рзы, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысит Урыстәылатәи адәныҟаполитикатә аусқәа рхылаԥшырҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини Аԥсны адәныҟаполитикатә усқәа рхылаԥшырҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара иара убас далахәхеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.

Аиԥылара аҿы аганқәа мшаԥымза 4-5, 2023 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рышьақәыргылара азы Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд амшхәаԥштә зҵаарақәа ирылацәжәеит.   

Аиԥылара иалахәыз ганкахьала Қырҭтәылеи Аԥсни, даҽа ганкахьала Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аиуристә ҭакԥхықәра зҵоу, амчра ахархәара мап ацәкра азы Аиқшаҳаҭрақәа анапаҵыҩра шхымԥадатәиу ҩаԥхьа инаҵшьны иазгәарҭеит.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы, ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны,   2022 шықәсазы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылареи рыларҵәареи рҿагылара азы имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны Акоординациатә еилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Занҭариа, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб   Ашәба,    Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Бганба,  апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩцәа,  апрокуратура Хада аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҟәа ақалақь апрокурор, араионқәа рыпрокурорцәа, аҷыдалкаатә прокурорцәеи урҭ рхаҭыԥуаҩцәеи, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.

Ажәахә хада ҟаҵо дықәгылеит апрокуратура Хада Аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба. Уи иажәахә аҿы 2022 шықәсазы астатистикатә рбагақәа ааигеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университет Аԥсны иаанартуеит  иаарту аҵарадырра Ацентр, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Муниципальный вестник Армавира» аофициалтә саит.

Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университет аделегациа Аҟәаҟа аусуратә визит  амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аурыс бызшәала аҵареи аурыс бызшәа арҵареи рзы Иаарту аҵарадырра Ацентр аартра азы аилацәажәарақәа мҩаԥнагеит, ҳәа иазгәарҭеит иарбоу аҵараиурҭа аинформациатә политика азы аҟәша аҟны.

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент  Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара. Уи мҩаԥигеит ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Аԥсны Жәлр Реизара-Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аилак аилатәара аҿы иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәым тәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагалараз» азкәан апроект. Ара ирыдыргалеит анхаразы азиншәҟәы аҭаразы аҿҳәара ацҵара.

Ари азакәан апроект алацәажәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы    Рамин Габлаиа, уи ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Бганба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа.

Иалацәажәеит иара убас «Ҭакԥхықәрала аԥстәқәа рзыҟазаашьазы» азакәан апроект. Уи адкылара аҭахны иҟазҵаз акәны иҟоуп аԥстәқәа рныҟәгареи рзыҟазаашьеи рзы аԥҟарақәа шьақәзыргыло азакәанԥҵаратә актқәа рыҟамзаара. 

Азаконопроект авторцәа аԥстәқәа ишрықәнагоу рзыҟазаашьеиԥш, иҟоу азинтә ҳәаақәҵара аусхк аҟны иҟоу агха ахарҭәаара алшоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023и шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент аҟны имҩаԥысит Ҭемыр Шергелиа хантәаҩра ззиуаз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара.

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент аҟны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, ари аусбарҭа егьырҭ аусзуҩцәа. Аилатәара иалахәыз Аԥсны арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыларҵәареи рыдкылареи инарымаданы иҟоу аоперативтә ҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа, ари аусхк аҟны аус зуа азакәанԥҵара анагӡашьа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент аҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилаки Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы Аилаки инарҭбаау реилатәара.

Уи иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Апарламент адепутатцәа реиҳараҩык.

Аилатәара В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аусура ахацыркреи уи анаҩстәи аусуреи ирызку урыстәылатәи аиуристтә хаҿы инаигӡо аинвестициатә проект азы Аԥсны Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра апроект алацәажәара иазкын. .

Аилацәажәара иалахәын атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, уи лхаҭыԥуаҩ Ҭемраз Амқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә ҟәша аиҳабы Наҭела Ломиа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Актәи аԥсуа медицинатә форум аусура иалагоит мшаԥымза 24 рзы. Ари аусмҩаԥгатә аиҿкаара иазкны хәажәкырамза  28 рзы атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны аминистр Едуард Быҭәба ихантаҩрала имҩаԥысыз аусуратә еилатәара. Аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхахьы иргеит – Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра, Аԥсны ареабилитологцәа Рассоциациа, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Урыстәылатәи амедицинатә еилазаара» (УА).

Едуард Быҭәба ишазгәеиҭаз ала, афорум ахықәкы хадақәа иреиуоуп агәабзиарахьчара анапхгараҭара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аус зуа аҳақьымцәеи агәабзиарахьчара асистема апрофильтә специалистцәеи аекперт-аналитикцәеи азиндырҩцәеи амедицинатә цхыраара аҭара иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа рылацәажәареи аӡбамҭақәа рыдкылареи рзы плошьадкак аҿы реидкылара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьеҭқәа рынагӡара азы аҳасабырбақәа шьақәнарӷәӷәеит. Зыӡбахә ҳамоу Аԥсны Атәанчаҩратә фонд, ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд, арепатриациа Афонд, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд, асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд, Амҩатә Фонд.

Атәанчаҩратә Фонд ахашәалахәқәа иҳаҩсыз ашықәс азы 1 362 397,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, аныхтәқәа  – 1 295 861,6 нызықь мааҭ аҟынӡа. Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 83 654,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд ахашәалахәқәа –  54 490,0 нызықь мааҭ, аныхтәқәа  – 55 311,5 нызықь мааҭ;  Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха –1 917,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Арепатриациа Афонд ахашәалахәқәа – 211 459,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡа инаӡон, аныхтәқәа – 165 652,2 нызықь мааҭ; Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха –162 900,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи Афонд ахашәалахәқәа – 165 414,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, аныхтәқәа - 163 577,4 нызықь мааҭ, ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха  –  18 265,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд ахашәалахәқәа –  146 191,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, аныхтәқәа  – 113 723,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха  –   46 242,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Амҩатә Фонд ахашәалахәқәа – 95 363,5 нызықь мааҭ, аныхтәқәа – 102 832,1 нызықь мааҭ, ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы Афонд аҿы иаанханы иҟаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха  –  5 364,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Атәанчаҩратә Фонди асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонди русура бзианы ишынарыгӡаз азгәеиҭеит.

Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа  иахьатәи амш азы Афонд ауал амам ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иахьатәи амш азы ҳара раионк ауп зфинанстәра мҩаԥаамгац, аха ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа уаагьы иахәҭоу ашәатәқәа зегьы ҟаҵахоит. Хы-шықәса рыла Афонд ахь алагалақәа 300 млн - 400 млн. мааҭ рыла иазҳаит. Сынтәа ҳара иара убри арежим ала аус аауеит, хымз рыла  40 млн рҟынӡа еихьӡарыла ҳаауеит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.