АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Ԥхынҷкәын.2023

Назаров ақалақь аҟынтәи аҟаза аԥснытәи ашыцмҿы иџьашьатәу асахьақәа ҭаԥиҟоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Назаров ақалақь (Урыстәыла, Красноиарсктәи атәылаҿацә) аҟынтәи аҟаза ашыцмҿы иџьашьатәу асахьақәа ҭаԥиҟоит. Урҭ акала «нецке» ҳәа изышьҭоу иапониатәи асахьақәа иреиԥшуп.

«Амҿыҭыԥҟаҩы аҟазара атәы здыруа инапқәа рҿы амҿы аҟәырҷаха аԥсы ахалоит, уи даара аинтерес зҵоу, уагәылазхало аԥстәы, ма ауаҩы рсахьақәа алҵуеит. Амҿыҭаԥҟаҩы, аҟаза Николаи Килин  еицыдыруа алаҟәтә персонаж Папа Карло еиԥшҵәҟьа  иуадахәыҷы-иҟазарҭа аҿы дыҩнатәаны азныказы акала улахь имааиуа амҿтәы ҟәырҷахақәа  ирылихуеит зеиӷьаҟам, иџьашьаху иперсонажкәа». – ҳәа адырра ҟанаҵоит Ателеканал «Енисей» асаит https://www.enisey.tv/news/.   

Иазгәаҭатәуп, аҟаза иперсонажқәа злихуа амаҭәахә иныҟәарақәа раан Аԥснынтәи ишааигаз.

«Ари амҿы ахкы акырӡа икьакьоуп, иара аус адулара зынӡа имариаӡам,  уи акы алухырц азы даара уҽазҵәылхны, ачҳара аарԥшны, гәадкыларала аус ууроуп. Уажәы сара ацгәы-аныҟәаҩ асахьа аҟаҵара саҿуп. Абар араҟа иара ахәдакәырша ахазаауеит, зегьы ԥшӡаны, иҭыҟҟаны, еиҿкааны иҟалоит» – ҳәа еиҭеиҳәоит аҟаза.

Ацгәы-аныҟәаҩ — иара аҟаза ихаҭа изԥхьақәыԥшуп. Николаи Назаров ирацәаны атәылақәа дырҭаахьеит. Аԥснынтәи иааигеит ашыцмҿы ақәырҷахақәа.  Ашыц даара еилассу материалуп. Убри аҟнытә уи аминиатиуратә сахьақәа, уимоу, аиувелиртә детальқәа змоугьы уахь иналаҵаны рыҟаҵара азы зеиӷьаҟам ала иманшәалоуп, ҳәа иҳәоит аҟаза.  


Read 318 times - Ашәахьа, 04 Ԥхынҷкәын 2023 02:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.