АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Ԥхынҷкәын.2023

Абоксиор Константин Ахба абокс азы атурнир «Янтарные перчатки» аҿы аиааира игеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Константин Ахба абокс азы 27-тәи Жәларбжьаратәи атурнир «Янтарные перчатки» аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Константин Ахба 54 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа  2008-2009 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәа рыбжьара дықәгылон. 

Атурнир мҩаԥысуан Калининград ақалақь аҿы ԥхынҷкәынмза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 3 аҟынӡа. Уи рхы аладырхәит атәылақәа: Урыстәыла, Белоруссиа, Германиа рҟынтәи 108-ҩык аспортсменцәа.

Константин Ахба - Михаил Чачба ихьӡ зху гәдоуҭатәи аспорттә школ дааӡамҭоуп, 13-14 шықәса зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара абокс азы Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы аџьазтә аԥхьахә ианаршьахьеит. Азыҟаҵаҩцәа Аслан Ахбеи Едуард Депеляиани рааӡамҭа иоуп.


Read 318 times - Ашәахьа, 04 Ԥхынҷкәын 2023 02:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.