АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2023

Ԥхынҷкәнмза 1 азы Аҟәа ақалақь аҿы изҭаху зегьы хәыда-ԥсада Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авируси (ВИЧ) агепатит чымазареи рзы анализқәа арҭар рылшон.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса ԥхынҷкәынмза 1 –Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД) аҿагылара Жәларбжьаратәи Амш азы, Аҟәа ақалақь Ареспубликатә хәышәтәырҭа ацәажьы-венерологиатә диспансер аҿы Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авирус (ВИЧ), агепатит В, С, Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД), ардашыкь (асифилис), уҳәа  ачымазарақәа рзы хәыда-ԥсада анализқәа раҭаразы СПИД-центр имҩаԥнаго акциа мҩаԥысуеит.

СПИД-центр аҳақьым-алаборант  Саида Палба  Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажәо сынтәа Ацентр иарбоу акциа изҭахыз зегьы рзы амҩаԥгара алымшаӡеит, избан акәзар  цәыббамза 6 рзы иҟалаз абылра иахҟьаны амаругақәа зегьы блит ҳәа адыра ҟалҵеит. Убри иахҟьаны алшара ҳмоуӡеит Аԥсны инаскьоу араионқәа рахь ацара. Ҳхықәкы хаданы иҟоу уажәы – аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥганы ихыԥадатәиу амаругақәа рыдгалареи ауп.

«Ҳара излауаз ала ауааԥсыра адырра раҳҭеит уажәазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны аҭҵаарақәа зегьы стационарла адиспансер  аҿы ишымҩаԥгахо азы.    Ари аҩыза акциақәа ҳара есышықәса имҩаԥаагоит, ареспублика араионқәа зегьы рыхьӡара ҳҽазаҳшәоит. Алабораториа 2011 шықәса раахыс аус ауеит, ари аамҭа иалагӡаны ҳара иҭаҳҵааит 10 000-ҩык ауаа инареиҳаны. Ҳара ҳзы ари даара ишьаху ҳусура арбага ауп», – ҳәа илҳәеит лара.

Саида Палба ауааԥсыра акциа радыԥхьалара азы инацҵаны аглиукоза аҩаӡара азы, аҟырҟмыџьтә уатала агармонқәа рзы анализқәа ҳгон, иара убас аспециалистцәа, иаагозар агинекологцәагьы адаҳгалон ҳәа еиҭалҳәеит.  

Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, аҭҵаарақәа зегьы анонимтә ҟазшьа аманы ишымҩаԥысуа, насгьы ишхәыда-ԥсадоу. Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД) шьақәырӷәӷәахазар, усҟан анаҩстәи ашьаҿа – апациент ихы инаркны ишьапаҟынӡа игәаҭареи СПИД-центр аҿы ихәаԥшреи ауп.

Саида Палба инацҵаны иазгәалҭеит даҽакгьы. Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авирус еиҳа имаҷны иаарԥшхо иалагеит зцәа зтәым аҳәса рҿы, иҟоуп аҳәса абри аҩыза адиагноз шрымоугьы аҩбатәи, ахԥатәи ахәыҷқәа роура згәаӷьуа.

Аҳақьым иазгәалҭеит, адиспансер аҿы ашәҟәы иҭагалоу апациентцәа хәыда-ԥсада иааиԥмырҟьаӡакәа иахәҭоу ахәшәқәа шроуа. Авирустә қәыӷәӷәара азы атесттә гәаҭара, аиммунатә статус СD4, абиохимиатә, аклиникатә, анализқәагьы хәыда-ԥсада имҩаԥгахоит. Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авирус чымазара злаҽу апациентцәа анализқәа рыҟаҵареи ахәшәқәеи рзы аԥара ршәаӡом. Иҟоуп апациентцәа, астационар аҿы зҽызхәышәтәуа, хәшәқәак аныҟам ҟалалоит, усҟан агәабзиарахьчара Аминистрра урҭ раахәаразы афинансқәа азоунажьуеит.

Џьоукы-џьоукы Аԥсныпресс акореспондент иҿцәажәо рыхьӡ арбамкәа анализқәа аҭара азы алшара ахьроуз даара ибзианы ишрыдыркыло атәы рҳәеит.

«Сара ауаа рацәа еизаны ианызба, аинтерес скит, иҟоу еилыскаарц сҭаххеит. Сара раԥхьаӡа ауп ари аҩыза акциа схы аналасырхәуа.  Даараӡа ибзиоуп ҳуааԥсыра ари аҩыза хра злоу алшара ахьырзаԥҵахаз. Зегьы ирылшаӡом аԥара ахшәааны анализқәа рыҭара», – ҳәа илҳәеит  Саида.

«Сара абар шьҭа ԥшьышықәсоуп абри акциа ала Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД) азы анализ асҭоижьҭеи.  Сцәастәымкәа саныҟазгьы ҩынтә раҟара иасҭахьан. Анцәа иџьшьаны, зегьы бзиоуп, сгәабзиаразы иарбоу аганахьала ашәарҭара ыҟаӡам», - ҳәа лгәаанагара лҳәеит  Лана.

Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авирус (ВИЧ) – ари ауаҩы ицәеижь аиммунатә система ԥхасҭазтәуа аинфекциа ауп. Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авирус (ВИЧ) аинфекциа ихьшәоу астадиа – Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД) ауп.   Ари ачымазара иацу ауаҩы ицәеижь ақәхра апроцесс  аанызкыло ахәшәқәа ылырҩаауеит, ауаҩы ихәшәтәра еиҿыркаауеит, аха уеизгьы, рыцҳарас иҟалаз уи макьаназы шьаҭанкыла ақәгара залыршахом.

Раԥхьаӡа акәны Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД) аҿагылара Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭеит ԥхынҷкәынмза 1, 1988 шықәсазы. Усҟан атәылақәа зегьы ргәабзиарахьчара аминистрцәа реиԥылара аҿы хыхь иарбоу ачымазара бааԥсқәа рзы асоциалтә хачҳареи аинформациа ала аимадара алыршареи рзы ааԥхьара ҟаҵан.

Есышықәса иазгәарҭо ари жәларбжьаратәи амш арҭ адунеи зегьы иахыҵәо ачымазара бааԥсқәа рҿагылара аиҿкаареи арӷәӷәареи иазкхоит.

 

 

 

 


Read 194 times - Ашәахьа, 04 Ԥхынҷкәын 2023 03:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.