АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынҷкәын.2023

Ҳазҭоу ашықәс 11 мзы рыҩныҵҟа ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 4,7 млрд. мааҭ иреиҳаны.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса жәеизамзы рыҩныҵҟа Аԥсны абиуџьет иалагалахеит планла иарбаз 3,7 млрд мааҭ рҭыԥан 4 миллиарди 737,9 млн. мааҭ ашәахтәқәа, ҳәа иаанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аплан анагӡара 125%, уи планла иарбаз аасҭа 941,2 млн. мааҭ (25%) иацны инагӡоуп.

2023 шықәса жәеизамзтәи ашәахтәқәа араионқәа рҿы ралагалара абасала ишьақәгылеит:

Аҟәа ақалақь ала – планла иарбаз 1 млрд 817,8 млн.мааҭ аан иалагалан 2 млрд. 173,2 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар  120%;

Гагра араион ала – планла иарбаз 1 млрд 182,6 млн. мааҭ  аан иалагалан 1 млрд 567,4 млн. мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар  133%;

Гәдоуҭа араион ала – планла иарбаз 336,2 млн. мааҭ аан иалагалан – 482,8 млн. мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 144%;

Аҟәа араион ала – планла иарбаз 101,4 млн. мааҭ аан иалагалан – 150,1 млн. мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 148%;

Гәылрыԥшь араион ала – планла иарбаз 94,0 млн. мааҭ аан иалагалан –123,4 млн мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 130%;

Очамчыра араион ала –  планла иарбаз 179,1 млн. мааҭ аан иалагалан –  118,7 млн мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 66%;

Ҭҟәарчал араион ала – планла иарбаз 32,7 млн. мааҭ аан иалагалан  42,0 млн мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 128%;

Гал араион ала – планла иарбаз 51,8 млн мааҭ аан иалагалан – 80,3 млн мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 155%.             

 


Read 123 times - Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023 18:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.