АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынҷкәын.2023

Москватәи аобласт аҿы инхо ахаҵа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы дыгәҩароуп ҳәа дааныркылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭара азы Аусбарҭа аусзуҩцәа  анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы дыгәҩароуп ҳәа Москватәи аобласт аҿы инхо ахаҵа дааныркылеит.

1975 шықәсазы ииз Огариов Свиатослав Михаил-иԥа ихатәы машьынала Приморск ақыҭан ауаҩы иахьиҿырхасырҭам аҭыԥқәа рҿы имаӡоу ашҭаҵарҭақәа рҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа шьҭаиҵон. Убас, иара Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан анаркотикқәа анышьҭеиҵуаз аамҭаз дааныркылеит ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Иара хаҭала игәаҭараан амилициа аусзуҩцәа идырбалеит ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар зҭаз 15 еилаҳәара. Уи анаҩс ишеилкаахаз ала «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар акәын.

 

Даҽа урҭ иреиԥшыз ҩ-еилаҳәарак рыԥшааит иара уи аԥхьа иҟаиҵахьаз имаӡоу ашьҭаҵарҭақәа рҿы.

Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа раан ишьақәыргылахеит, Огариов Свиатослав, «акуратор» иаҳасабала аус иалаху ахаҿи иареи  заанаҵы рцәыҵеицәажәара ашьҭахь, «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар анаҩс Аԥсны амаӡа шьҭаҵарҭақәа рыла аҭиразы ишааихәаз. Анаркотикқәа рыҭира мҩаԥысуан анаркоканал «Кира» ала. Свиатослав Огариов анаркотикатә маҭәашьарқәа згәылаз аиалаҳәарақәа амаӡа шьҭаҵарҭақәа рҿы ишьҭеиҵон.

Иааидкыланы Свиатослав Огариов имхуп зыкапан 14,377 грамм рҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә Усбарҭа Свиатослав Огариов иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, ап. «в» ала ашьаус хацнаркит, иара Огариов Свиатослав даанкылоуп.

 


Read 108 times - Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023 19:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.