«Иара убас, аус рыдулоуп аҵараиура аусхк азы азакәан азы азинтә апроектқәа 17. Аԥсны атәылауаа 2699-ҩык еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла қәҿиарала рыквалификациа аизырҳара иахысит (2299 -ҩык арҵаҩратә усзуҩцәа, 29-ҩык Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аусзуҩцәа, 310-ҩык аҳәынҭқарратә тәылауаҩратә усзуҩцәа, аекономика иреалтәу асектор аспециалистцәа 61-ҩык), еицаҳзеиԥшу жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-арҵараиуратә усмҩаԥгатәқәеи мҩаԥгоуп", - ҳәа иҳәеит Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аректор.
Аҳәынҭқарра Ахада иԥылараҿы иазааҭгылан Аԥсны иаԥҵоу жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә лабораториақәа ԥшьба рыӡбахә. Дмитри Беспалов иазгәеиҭеит 120-ҩык аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рзы аквалификациа аизырҳаразы акурсқәа шымҩаԥгаз. 51-ҩык ашколтә ԥсихологцәеи амаҭәарқәа рырҵаҩцәеи ирыҭоуп аршаҳаҭгақәа аквалификациа аизырҳаразы акурсқәа ишырхысыз ала.
«Ҳара ҳарҵаҩцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә еилазаарақәа русзуцәа рзы азакәанреи алеишәеи рзы, акоррупциа иаҿагыланы ақәԥареи амуниципалтә напхгараҭареи рзы алекциақәа ирыԥхьеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиԥылара иалахәыз Аԥсны Аҵара аминистр Инал Габлиа иазгәеиҭеит Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети дареи русеицура иамоу аҵакы, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит имҩаԥысуа русеицуреи аԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы.
Аиԥылараан ирылацәажәан аҭҵаарадырреи аҵараиуреи ирызкыз актуалра злоу егьырҭ азҵаарақәагьы.