АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи иреиӷьу аусзуҩ ҿарацәа алыркаауеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 25 рзы имҩаԥысуеит  аԥхьахә «Аԥхьагылаҩ қәыԥш» анашьара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә. Абри азы адырра ҟанаҵоит иарбоу аусмҩаԥгатә еиҿызкаауа аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аԥхьахә «Аԥхьагылаҩ қәыԥш» Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаҵанакуа аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа иранашьахоит.

Уажәы ихыркәшахахьеит азыҳәамҭақәа  ралаҵара актәи аетап. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа Аҳәынҭеилакы азыҳәамҭа ала зықәра 30 шықәса еиҳам хҩык-хҩык аусзуҩцәа алыркааит.

Анаҩстәи – ахәшьараҟаҵаратә етап аҿы акомиссиа урҭ рҟынтәи аӡәаӡәа алыркаауеит.  Аҳамҭақәа рыҭахоит иара убас Аԥсны иреиӷьу аспортсменцәагьы.

Аԥхьахә «Аԥхьагылаҩ қәыԥш» символс дыҟоуп Нарҭ Сасрыҟәа – Нарҭаа репос афырхаҵа хада.  

Асимвол автор – асахьаҭыхҩы Мадина Бигәааԥҳа.

 


Read 152 times - Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023 20:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.