Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан дааныркылеит анаркотикатә маҭәашьар «метадон» здырбадаз ахаҵа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь аҿы анаркотикқәа рконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәа Адлер, Ганрацәалатәи автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Пункт аҿы дааныркылеит 31-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ. Уи идырбалеит ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар зҭаз аилаҳәара, ҳәа иаанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедаралтә ҳазылхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Имҩаԥгаз аекспертиза ишаанарԥшыз ала, ахаҵа имхыз амаҭәашьар – «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар ауп. Уи акапан - 0, 16 грамм рҟынӡа инаӡоит.
31 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ иганахьала анаркотикқәа ркантробандаз ашьаус хацыркуп. Иара дырбаандаҩуп.
Иҟаиҵаз ацәгьоуразы Аԥсны атәылауаҩ быжьшықәса ихақәиҭра иалхәыдатәреи миллионк рҟынӡа ахараԥса иршәареи дақәыршәахар ҟалоит.