pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа нанҳәамза  15 рзы Махачкала ақалақь абылтәыҭаҭәарҭа аҟны иҟалаз аԥсытәбара зцу атрагедиа инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Ареспублика Даӷьсҭан есымшатәи ахаҭарнак Владислав Толстиук ихьӡала адышшыларатә шәҟәы дәықәиҵеит.   

«Ас еиԥш атрагедиатә аамҭа азы аиашьаратә Даӷьсҭан ажәлар ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩаҳшоит. Ари даара трагедиа дууп ареспублика ажәлар зегьы рзы, иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи рзы. Даара гәалсра дула иҳадаҳкылеит ари ажәабжь хьанҭа. Ааха зауз зегьы иаарласны ршьапы иқәгыло Анцәа иҟаиҵааит», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә шәҟәы аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса нанҳәамза 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. Ишдыру еиԥш,  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит 1992 шықәса, нанҳәамза 14 рзы, адырҩаҽныҵәҟьа Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҟынтә ҳтәыла иаҭааит  раԥхьатәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз арԥарцәа ргәыԥ.

Аибашьра ианналага аҩбатәи амш, 1992 шықәса, нанҳәамза  15 инаркны Аҟабарда жәлар рҵеи иаша Султан Асланбек-иԥа Сосналиев напхгара ззиуаз раԥхьатәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ргәыԥ ааны ҳаибашьцәа ирывагылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа дрыдныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

Акыр иаԥсоу ҳаибашьцәа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш.

31 шықәса раԥхьа 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Убасҟан, аибашьра ианналага аҩбатәи амш инаркны Аҟабарда жәлар рҵеи иаша Султан Асланбек-иԥа Сосналиев напхгара ззиуаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ргәыԥ ааны ҳаибашьцәа ирывагылеит.

Ақырҭуа агрессор иҿагыланы ахақәиҭразы иқәԥоз   хажәлар иарӷьажәҩаны ирыдгылан хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Алада Урыстәыла, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рыҟнытә, мшыннырцәынтә ҳџьынџьуаа, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыҟнытә.

Абас хамеигӡарада игылаз Аԥсны жәлари урҭ аиҩызара, аиашьара рзызуаз  аибашьцәеи ирыбзоураны иҳалшеит Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи реиқәырхара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2000-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, урҭ рахьтә фырхаҵарала иҭахеит 460-ҩык инареиҳаны.  Аԥсны жәлар наунагӡа ирхашҭраны иҟаӡам ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа иаадырԥшыз афырхаҵара.

Урҭ рыхьӡ кашәара ақәӡам.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азгәарҭоит. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа-аветеранцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит!

 

Ааԥхьараҟны иҳәоуп:

«Акыр иаԥсоу аибашьцәа – 1992–1993 шш. Аԥсны  Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш.

1992–1993 шш. иуадаҩыз  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ацхырааразы иаҳзааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа зегьы еидызкылоз акәны иҟан аиашьара, аиҩызара аныҟәгара, аиашара адгылара, аҭынчреи агуманизми рыхьчара алзыршо аҟазшьақәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь, Акьырҭаа имҩа аҿы амцакра ҟалеит. Мыцхәы идууцәам асасааирҭа ҩны амца акит. Амца ааигәа игылаз ахыбрахь ииасит.

12 сааҭи 39 минуҭи рзы амцарцәаҩцәа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы инеихьан. Амцарцәара иалахәын амцарцәаҩцәа рыбригадақәа ԥшьба, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амца ацәыхьчара алыршахеит амца зкыз аҩнқәа рааигәара игылоу амузыкатә школ – уи ҭыԥқәак рҿы амца ацрасит. Амцарцәаҩцәа рымчқәа рыла амца аларҵәара аанкылан, анаҩс уи зынӡагьы ирцәан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аоперативтә ҟәшеиҵақәа нанҳәамза 13 рзы Аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аҟынтәи ибналаз Гурген Киракосиан иаанкыларазы аԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ироуз аоперативтә информациа агәаҭараан аҳазылхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҳазылхратә зинеилагарақәеи аконтрабатра аҿагылареи рзы аҟәша аусзуҩцәа «аекспорт» аганахьала аҳазылхратә гәаҭареи амашьыналасқәа ргәаҭареи рзона аҿы автомашьына  ааныркылеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ.  Амашьына агәаҭараан аидарамҩангага аҟәша аҿы ирыԥшааит аҭаҵәах, уаҟа иҭан 400 блок инарзынаԥшуа асигареҭ.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 14 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр  ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Алхас Кәыҵниеи Знаур Гассиеви идикылеит.

Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура аҿы Аԥсныпресс иарҭаз адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз нанҳәамза 7 – 8 ауха,  2008 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаԥнагаз агрессиа иахҟьаны иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәыла аҭынч уааԥсыреи урыстәылатәи абжьаҟазыҩцәеи ҳаҭырла иргәаладыршәеит.  

Урҭ иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҭоурыхтә рыцхә – нанҳәамза 26, 2008 шықәсазы иҟалаз   Урыстәылатәи Афедерациа ала ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵара иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи иалацәажәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 18 – 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит жәларбжьаратәи афорум  “Аԥсны. Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижтҭеи 15 шықәса аҵра».

Афорум аиҿкаара рхахьы иргеит  – Афонд «Акоммуникациақәа рыҿиара Жәларбжьаратәи аинститут  АҬЫНЧРА– АЦҲА – АԤСНЫ», Иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет.   

Афорум аартра мҩаԥгахоит нанҳәамза  18 азы аминистрцәа Реилазаара  аконференц-зал аҿы.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны атол гьежьқәа ҩба абарҭ атемақәа рыла амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп:

«Аԥсны – Урыстәыла 2070»,

«Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинформациатә усеицура: апрактика, аԥышәа, аперспективақәа».

Аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа еиуеиԥшым аспектқәеи урҭ рыҿиара аперспективақәеи ирызкхоит жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы ААУ апроректор Максим Ӷәынџьиа, Акоммуниациақәа рыҿиаразы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Институт адиректор ихаҭыԥуаҩ, асоциологиатә наукақәа рдоктор Валентина Комлева, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц, Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ринститут иԥхьагылоу аусзуҩ, ажурнал «Международная аналитика» аредактор хада   Сергеи  Маркедонов, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу  , аҳәынҭқарратә маҵзуреи жәлар рынхамҩеи рзы Урыстәылатәи Академиа (РАНХиГС) ауаажәларратә еимадарақәа Рцентр адиректор ихаҭыԥуаҩ Сергеи Шатунов, уҳәа егьырҭ рықәыгыларақәа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа иԥылара ашьҭахь  ААУи Акоммуникациақәа рыҿиаразы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Институти (ақ. Москва).  аусеицура рыбжьаҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥгахоит.

Аилацәажәара афилософиа аҟынтәи даара иуашәшәыроу, ирласны зҽеиҭазкуа адунеи аҿы абиԥарақәа рзеиԥш шьаҭа ашьақәыргылареи ахәдуқәа рыиагара апрактика афиласофиа ахь аиасра  шԥалыршатәу – ари PR,  GR  рзы аполитикатә абжьгаҩ, апсихолог, аексперт Алиона Августи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Унивеситет ахаҭарнакцәеи  амассатә информациа ахархәагақәеи апресс маҵзурақәеи русзуҩцәеи реиԥылара атема хада ауп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.