АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2023

Гагратәи амилициа аусзуҩцәа рыла изакәанымкәа аԥсаҵлақәа рыԥҟара иадҳәалоу афактқәа хԥа аарԥшхеит.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа зинда аԥсаҵлақәа рыԥҟареи рыҭиреи рыԥхьырҟәҟәаара иазку акомплекстә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Абҵарамза 29 рзы Мамзышьха абнара аҿы амилициа аусзуҩцәа изакәанымкәа аԥсаҵлақәа рыԥҟара иадҳәалоу афактқәа хԥа аадырԥшит.  Азинеилагаҩцәа – Аҟәа  ақалақь аҿы инхо Гембер Чхьеиӡе,  Гәдоуҭа ақалақь аҿы инхо Дамеи Цәеиба, Лыхны ақыҭан инхо Алиас Ҳалуашь  рганахьала аматериалқәа зегьы аусеилыргара аҳәаахәҭара аусбарҭа ахь идәықәҵоуп. Иқәхыз, зыхкыжәла бзиоу 64 ҵла Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы ишьҭаҵоуп, автомашьынақәа ракәзар иҷыдоу  ргыларҭаҿы иргылоуп.

 

Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа азинмчы змоу ацуҭаусзуҩцәа рыҟәша аиҳабы Рамин Гамисониа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Мамзышьха ахь уназго амҩала иргылоуп аушьҭра-гәаҭаратә ԥыԥышырҭа, уаҟа уахи-ҽни иҷаԥшьоит Гагратәи амилициа аусзуҩцәа. Урҭ ирыцуп аинспекторцәеи аекологцәеи Гагра араион абнаусзуҩцәеи.  Уи зегьы зыҟаҵоу изакәанымкәа аԥсаҵлақәа рыԥҟара аԥхьырҟәҟәаара азы ауп.     Амилициа аусзуҩцәа иаауа-ицо автотранспорт гәарҭоит, агәҽанызаара-профилактикатә цәажәарақәа мҩаԥыргоит.

Аԥсабарахьчара иаҵанакуа аҵиаақәа рыԥҟара азы Аԥсны азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭоит ашьуӷатә ҭакԥхықәра.

2022 шықәсазы, Гагратәи амилициа адыррақәа рыла, изакәанымкәа иԥырҟеит  300 шьапы инареиҳаны «амза» ҳәа изышьҭоу агәырҵлақәа, Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ   257 («Изакәанымкәа аҵлақәеи ачықьақәеи рыԥҟара») ала аусеилыргарақәа ԥшьба хацыркын.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵа инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә абнатә фонд, апаркқәа, аскверқәа рҿы изакәанымкәа аԥсаҵлақәа рыԥҟареи анаҩс изакәанымкәа урҭ рыҭиреи аԥхьырҟәҟәаара азы, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра араионтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәа ԥхынҷкәынмзазы ҷыдала ареидтә уснагӡатәқәа мҩаԥыргараны иҟоуп. Аԥсаҵлақәа  рыҭиразы иахәҭоу азин рызҭо ақьаадқәа рыда аус зуа ауаа аҭакԥхықәра иақәыршәахоит.

 


Read 256 times - Ахәаша, 01 Ԥхынҷкәын 2023 02:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.