АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2023

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Иракли Ҭыжәбеи Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Кавканҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аилацәажәарақәа рҿы аԥснытәи аделегациа аиҳабы  Иракли Ҭыжәбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.

Аиԥылара аҿы аганқәа ԥхынҷкәынмза 5-6 рзы имҩаԥысраны иҟоу адискуссиақәа изаамҭанытәиу 59-тәи араунд амшхәаԥштә иалацәажәеит.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аҭыԥаҿы ашәарҭареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара азҵаарақәа.

Аԥснытәи аделегациа аҽазныкгьы ишьҭнахуеит Қырҭтәылеи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз ашәҟәы анапаҵаҩра азҵаара.

Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәан Гал ақалақь аҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи хырыҩ рыҭареи рзы Амеханизм аусура ахацыркра, арегион аҿы ашәарҭадара азҵаарақәа.

Иракли Ҭыжәба аԥсуа ган Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнакцәа рыла иарбоу амеханизм аусура арҿыцра азы ажәалагала ҿыцқәа рынашьҭра еиҿнакааит ҳәа иазгәеҭеит.  

Агуманитартә зҵаарақәа рзы аҩбатәи аусуратә гәыԥ аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, традициа ҳасабла аиҿцәажәараҿы ирзааҭгылараны иҟоуп агуманитартә зҵаарақәа. Аԥсуа ган аҽазныкгьы ишьҭнахуеит Аԥсны жәлабжьаратәи аизолиациа аԥыхреи Аԥсны атәылауаа рхы иақәиҭны рныҟәареи апроблема.

Иара убас аиԥылараҿы ирзааҭгылеит аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу егьырҭ азҵаарақәа жәпакы. 


Read 324 times - Амҽыша, 03 Ԥхынҷкәын 2023 23:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.