Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа, атлетика ласы азы Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи АССР абаҩрҵәыратә культуреи аспорти зҽаԥазтәыз аусзуҩ Акоп Керселиан дахьынхоз, Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩала игылоу аҩны № 103 ахаҿратә ган аҿы агәалашәаратә мемориалтә ӷәы ашьақәыргылара иақәшаҳаҭхеит.
Акоп Керселиан аҟәатәи аспортсмен, аҭоурых аҿы зда дыҟам хынттәи аолимпиатә чемпион (1968, 1972, 1976), 1980 шықәсазтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы араӡнытә медал згаз, Европа ҩынттәи ачемпион (1969, 1974 шш). – Виктор Санеев раԥхьатәи изыҟаҵаҩ иакәын.
Виктор Санеев хынттәи аԥара аҿы хынтә адунеитә реконд шьақәиргылахьан: 17,23 м. (жьҭаарамза 17, 1968 шықәсазы, Мехико ақалақь аҿы), 17,39 м. (жьҭаарамза 17, 1968 шықәсазы, Мехико ақалақь аҿы), 17,44 м. (жьҭаарамза 17, 1972 шықәсазы, Аҟәа ақалақь аҿы).
Акоп Самвел-иԥа Керселиан диит 1918 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы.
1930-тәи ашықәсқәа рзы Нестор Гериа инапхгарала иҽазыҟаиҵон.
Асовет Еидгыла аспорт азҟаза инорматив наигӡеит.
1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа далахәын.
П. Ф. Лесгафт ихьӡ зху Абаҩрҵәыратә культура Аинститут далгеит.
1947 -1949 шш. Ермантәыла абаҩрҵәыратә культуреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Институт ашьаҩатә спорти альпинизми ркафедра анапхгаҩыс аус иуан.
1949 шықәсазы Аҟәаҟа дхынҳәит, араҟа уи 30 шықәса иреиҳаны Аҟәатәи ахәыҷтәы спорттә школ, аспорттә еилазаара «Динамо» асистемаҿы аус иуан.
Иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәынмза 22, 2004 шықәса рзы.
Аеҵәа Ҟаԥшь аорден ианашьоуп (1943 ш.), Аџьынџьтәылатәи еибашьра I аҩаӡара амедал (1985 ш.), иара убас «Аҳаҭыр адырга».