Аҭҵаарақәа мҩаԥгахоит амшын аҵа дистанциала аҭҵаара алзыршо агидролокаторқәа рхархәарала.
Виктор Лебедински иажәақәа рыла, уажәы аҭҵаара мҩаԥысуеит иҟоу адыррақәа рыла ажәытәан Диоскуриеи Себастополиси ахьыҟаз араион.
«Ари аӡаҵа-археологиатә ҭҵаарақәа рганахьала акыр аинтерес зҵоу араион ауп. Раԥхьаӡа иргыланы, араҟа иҟан абаӷәаза. Ус анакәха, араҟа активла амшынланыҟәара ахьыҟаз ҭыԥын. Уи иаанаго араҟа иҟазароуп иӡааҟәрылаз ажытә ӷбақәа, абаӷәазатә ргыламҭақәа рхыжәжәарақәа, уҳәа убас иҵегьы. Уимоу, ҳара ишаадыруа еиԥш, аҟәара азааигәара иҟоуп еиҳа ижәытәу аобиектқәагьы, урҭ ахәҭакахьала аӡы аҵан иҟоуп. Уаанӡа имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан ауникалра злоу аԥшаамҭақәа ыҟан. Уи иаагозар, уажәы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны иҟоу, ари арегион аҿы идуу антикатә қалақь шыҟаз зырҵабыргуа антикатә амармалташьтә стела ауп», – ҳәа иҳәеит Виктор Лебедински.
Уажәы аҵарауаа Басла аӡиас иахьаҵанакуа аусурақәа мҩаԥыргоит. Уаҟа ирыԥшаахьеит ииашоу ажәытә ҭыӡқәеи игьежьбжатәу ацәаҳәақәеи.
Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, уи абаӷәазатә, мамзаргьы ахыхьчаратә ргыларақәа рхыжәжәарақәа ракәзар алшоит.
«Аӡы аҩаӡара ашьҭыҵра иахҟьаны урҭ аӡы аҵаҟа иҟалеит. Убарҭ аобиектқәа роуп изызкхо ҳара уажәы имҩаԥаагараны иҟоу аҭҵаарақәа. Ҳара арҭ аргыламҭақәа ҭаҳҵаауеит. Аха иазгәаҭатәуп, абарҭазаара ахьҽеим иахҟьаны аҭҵаарақәа рымҩаԥгара акыр ишаруадаҩуа», – ҳәа иазгәеиҭеит Виктор Лебедински.
Уаанӡа аҵарауаа Гәдоуҭеи Афон Ҿыци рӡымҽхак ҭырҵаауан. Уаҟа, 80 метра иреиҳаны иҟоу амшын аҵаулара аҿы ирыԥшааит антикатә амфорақәа. Археологцәа ргәаанагарала, ари араион аҿы аӷбаӡааҟәрылаақәа ҟалахьан. Гәдоуҭеи Афон Ҿыци рӡымҽхак иахьаҵанакуа аҭҵаарақәа ирыцҵоуп. Аҵарауаа хықәкыс ирымоуп – аӷбаӡааҟәрылара ахьыҟалаз аҭыԥ аилкаареи лабҿаба абареи.