АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2023

Абесалом Кәарҷиа «Пиатнашка» аибашьцәа рҭахара иазку алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа Цандрыԥшь аҳаблеи Приморское ақыҭеи аинтернационалтә бригада «Пиатнашка» аибашьцәа рҭахара иахкьаны имҩаԥысыз алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.   Абесалом Кәарҷиа Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз  Аԥснытәи аибашьцәа - Шамиль Дасаниеи Марзаҟан Ачбеи рҭаацәа дрыдышшылеит.

Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Ашәба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, араионқәа Рхадарақәа рнапхгаҩцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рыуацәеи рҭынхацәеи, араион ауааԥсыра.


Read 317 times - Ахәаша, 01 Ԥхынҷкәын 2023 01:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.