АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Абҵара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷы иира азы зныктәи аԥаратә цхыраагӡа 10 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара аҿы ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны есымзатәи асоциалтә шәатәқәа рыҩаӡара ашьҭыхра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Абыда зхала ахәыҷқәа зааӡо анацәа хәыҷык изы ирызшәахо аԥаратә цхыраагӡа 500 мааҭ рыла иазҳауеит, убас ала уи аицҵалыҵ 2000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.  

18 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа ахьыҟоу аҭаацәарацәа ироулоит:

хҩык ахәыҷқәа змоу аҭаацәа – хәыҷыцыԥхьаӡа 1000 - 1000 мааҭ ( 2023 шықәсазы – 600 мааҭ);,

ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу – хәыҷыцыԥхьаӡа 1500 - 1500 мааҭ ( 2023 шықәсазы – 900 мааҭ);  ,

хәҩык ахәыҷқәа змоу рзы – хәыҷыцыԥхьаӡа 2000 - 2000 мааҭ (2023 шықәсазы – 1050 мааҭ),

аеҭымцәа – 1500 мааҭ рыла еиҳаны ирызшәалахоит, урҭ ироуло аԥаратә цхыраагӡа аицҵалыҵ 3000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит. 

Ҩынтә еиҳахоит есымзатәи аԥаратә цхыраагӡатәқәа рыҩаӡара. Уи 3 000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит. Убас:

– 16 шықәса рҟынӡа ахәыҷы-аинвалид дызбо –3000 мааҭ,

– ихәыҷаахыс ихымхәоу, актәи агәыԥ иаҵанакуа рбаразы – 3000 мааҭ рҟынӡа,

– аиаҭымцәа 18 шықәса рхыҵаанӡа.

ахәыҷы ииразы – 10000 мааҭ.

2023 шықәсазгьы асоциалтә цхыраагӡақәа 50% ишьҭырххьан.

Аҭаацәарацәа рзы аԥаратә цхыраагӡа ашьақәыргылараан хымԥада аҭаацәа рҩыџьагьы Аҟәа ақалақь аҿы есымшатәи анхарҭаҭыԥ рымазароуп.

Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны  Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷы ииразы ирызшәахо аԥаратә цхыраагӡа аҩаӡара  2 500 мааҭ рыла иазҳауеит, уи аицҵалыҵ  10 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Иазгәаҭатәуп, зныктәи аԥаратә цхыраагӡа аиуразы азин ыӡуеит, азыҳәаҩ уи аиуразы  ахәыҷы иира фымз рышьҭахь дадҵаалазар.    

 

 


Read 245 times - Ахаша, 29 Абҵара 2023 21:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.