АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Абҵара.2023

2023 шықәса рашәарамзаахыс абҵарамза анҵәамҭанӡа «Ласточка» Шәача-Гагра амаршрут ала Аԥсныҟа иаанагеит 48 нызықьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса рашәарамзаахыс абҵарамза анҵәамҭанӡа 48 309 - ҩык апассаџьырцәа афымцадәыӷба «Ласточка» ала Аԥсныҟа иааит.   Абри азы адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа».

Зегьы реиҳа апассаџьырцәа афымцадәыӷба «Ласточка» ала Аԥсныҟа иааит нанҳәамзазы. Апассаџьырцәа раара азы арбагақәа абас ала ишьақәгылеит: рашәарамзазы – 3480-ҩык, ԥхынгәымзазы – 10652-ҩык, нанҳәамзазы – 15826-ҩык, цәыббрамзазы – 11624-ҩык, жьҭаарамзазы – 4177-ҩык, абҵарамзазы – 2550-ҩык.

Афымцадәыӷба «Ласточка» Шәача-Гагра амаршрут ала аныҟәара иалагеит 2023 шықәса, рашәара 8 инаркны.

Адәыӷба ҿыц аушьҭра залыршахеит Шәачантәи Гаграҟа иаауа ауаа рхыԥхьаӡара ҳасаб азуны Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩеи» Иаарту Акционертә Еилазаара «Урыстәылатәи Аихамҩақәеи» рнапхгараҭарақәа рыбжьара имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь.  

Уажәы Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩеи» Иаарту Акционертә Еилазаара «Урыстәылатәи Аихамҩақәеи» афымцадәыӷба «Ласточка» амаршрут Аԥсны егьырҭ араионқәа рахь, ахәҭакахьала Аҟәаҟа  ацҵара азҵаара аӡбара иаҿуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ааигәа имҩаԥыгаз апресс-конференциа аҿы 2024 шықәсазы афымцадәыӷба «Ласточка» Аҟәанӡа иаалоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.


Read 285 times - Ахаша, 29 Абҵара 2023 21:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.