АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Абҵара.2023

Аҳауагәаҭаҩцәа иааиуа аӡынра азы Аԥсны амш зеиԥшрахо азы адырра ҟарҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аӡынра ихьшәашәоу арктикатә ҳауа алалара иазыԥшуп. Уи инамаданы иҟалар алшоит адыд-мацәыс зцу ақәыршыҩқәа, ақәасабаа леир ҟалоит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иазгәалҭеит аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аметеорологиа аҟәша аметеоролог хада Диана Ҭраԥшь.  

Уи лажәақәа рыла, сынтәа ҷыдала аномалтә ҟазшьа змоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ҟамлароуп.

«Хазы игоу мышқәак рзы иԥхоу  амшқәагьы ҟалоит. Ҽынла аҳауа аԥхарра 15- 20 градус рҟынӡа ихалалоит. Иреиҵаӡоу аҳауа аԥхарра 0 градус инаркны -2,5 градус рҟынӡа илаҟәыр алшоит. Лассы-лассы иҟалало ақәоурақәа ирыхҟьаны, Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа еиԥш мрагыларатәи ахәҭа аҟны  аиланхарҭатә ҭыԥқәа аӡы рыҵалар алшоит.  Амшын ацәқәырԥара 3 - 4 балл рҟынӡа инаӡалоит. Иҭышәынтәалам  аҳауатә қәыӷәӷәара, иара убас аамҭа-аамҭала ихьшәашәоу аҳаиртә фронтқәа рыиасра иахҟьаны аԥшасра еиҭасуа аҟазшьа аиуоит. Аԥшаҵысра хазы игоу аӡынтәи апериодқәа рзы сикундак ала 15 - 17 метра рҟынӡа инаӡалар алшоит», – ҳәа иазгәалҭеит Диана Ҭраԥшь.

Аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы иԥхьагылоу аспециалист, аналитик Диана Занҭариа лажәақәа рыла, ажьырныҳәамзеи жәабранмзеи рзы ашьхареи ашьхара иаԥшу аҭыԥқәеи рҿы асы шьҭалар ҟалоит, амшын аԥшаҳәаҿы аиҳарак ақәасабаа аулоит.

«Амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа асы шьҭамлар ҟалап», ҳәа илҳәеит лара.

Аҳауагәаҭаҩцәа ражәақәа рыла, хымз рыла Аԥсны амш зеиԥшрахо азы заанаҵы адыррақәа рыҟаҵара даараӡа иуадаҩуп, избан акәзар аикәшаратә процессқәа лассы-лассы рҽеиҭаркуеит.

Шықәсырацәа инеиԥынкыланы имҩаԥгаз агәаҭарақәа рыла, 2012 шықәса, жәабранмзазы зегьы реиҳа ихьшәашәоу амшқәа ыҟан – 13, убри аан зегьы реиҳа илаҟәу аҳауа аԥхарра аҩаӡара 3.9 градус рҟынӡа инаӡон.


Read 278 times - Ахаша, 29 Абҵара 2023 20:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.