АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Абҵара.2023

Адамыр Цышба: Амшцәгьа иахҟьаны Гагра араион иаиуз азарал макьаназы инагӡаны ишьақәыргылаӡам.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 27-28 рзы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны  Гагра араион иаиуз азарал макьаназы инагӡаны ишьақәыргылаӡам, ҳәа Аԥсныпрес акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба.

«Аԥшаҳәа аҿы хәҭакахьала иқәыз ахаҳәцәы ықәнаӡәӡәааит, иара убас амшын ацәқәырԥақәа абетонтә гәараандақәа реиҳарак дырбгеит. Амшын аԥшаҳәа иҿықәнажьит даара ирацәаны ахаҳәи аԥслымӡи. Уажәы амаҵзурақәа арыцқьареи агәам-сам ақәгареи  ирыдҳәалоу аусурақәа нарыгӡоит», - ҳәа иҳәеит Адымыр Цышба.

Иара ишазгәеиҭаз ала, ҭыԥқәак рҿы ахаҳәцәы аиҭашьақәыргылара ауеит, аха уи ахьықәнаӡәӡәааз аҭыԥқәа рҿы  иҿыцны ишьҭаҵатәхоит. Аԥшаҳәа аҿы ахаҳәцәы ашьҭаҵара хыркәшан рашәарамза, 2023 шықәса рзы.

«Ҳақәгәыӷуеит иааиуа атуристтә сезон аҟынӡа ахаҳәцы ақәҵара иазку аусурақәа рӷьырак анагӡара ҳахьӡап ҳәа», - иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ.

Уажәы Гагра ақалақь ауааԥсыра инагӡаны аӡрыжәтә ала реиқәыршәара алыршаӡам, избан акәзар, аӡхагаларатә станциақәа реиҭашьақәыргылара макьаназы ихыркәшаӡам. Афымцамч ала аиқәыршәара акәзар, уи еиҭашьақәыргылоуп.   

«Иацы араион агәи аиланхарҭатә ҭыԥқәеи рҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуан. Иахьа ажәытә Гагра иахьаҵанакуа аусурақәа мҩаԥысуеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Адамыр Цышба.

Уи иҟаиҵаз адырра ала, ажәытә Гагра иҟоу аколоннада  маҷк ада ааха амоуӡеит. 


Read 297 times - Ахаша, 29 Абҵара 2023 19:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.