АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2023

Украина атәылауаҩ изакәанымкәа атәылауаҩшәҟәы иҭаразы ахара здыз амнистиа рызуп.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә усбарҭа ԥыхьатәи аусзуҩцәа – аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, амилициа аполковник Кәаӡба Вадим Сергеи-иԥеи Афон Ҿыц ақалақь аҿы апаспорттә гәыԥ аинспектор хада Џьениа Фатима Вадим-иԥҳаи, иара убас, Украина атәылауаҩ  Мыльцев О.С. 10 000 доллар рҟынӡа инаӡоз аҵарҭыша азы изакәанымкәа апаспорт иҭара аус аҿы урҭ ирыцлахәыз - Ҳалуашь Лолита Заканбеи-иԥҳаи Кәыҵниа Гәырам Омар-иԥеи рганахьала ихацыркыз аусеилыргара ахәаԥшра хнаркәшеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа цәыббрамза 1, 2020 шықәсазы аусеилыргара ахәаԥшразы Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа ахь идәықәнаҵеит.

Аӡбарҭа аус ианахәаԥш ашьҭахь, иарбоу аус иалахәыз зегьы рганахьала ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит. Урҭ ахара рыдуп ҳәа иԥхьаӡаны ахьырхәра  аҳасабала 5  шықәса азеиԥш режим змоу ариашаратә колониа аҿы ҭакрала ахгара рзалхын. Иназыцҵоу ахьырхәра аҳасабала аӡбарҭа Кәаӡба Вадим Сергеи-иԥеи Џьениа Фатима Вадим-иԥҳаи шықәсык иалагӡаны азинхьчаратә система аусбарҭақәа рҿы амаҵуратә ҭыԥқәа раанкылара рақәиҭымтәразы аӡбамҭа аднакылеит.

Иара убри азыӡбала ахарадҵа зду зегьы рганахьала «Ареспублика Аԥсны  Аиааиреи ахьыԥшымреи Рымш 30-шықәса ахыҵра инамаданы амнистиа алаҳәара азы» Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара ахархәара аиуит. Уи инақәыршәаны иарбоу аус ала ахара здыз зегьы ахьырхәра аҟынтәи рхы иақәиҭтәхеит.   


Read 386 times - Амҽыша, 03 Ԥхынҷкәын 2023 23:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.