pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа  Аиааира Ду амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 78 шықәса ахыҵра.

Ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи рыжәҩахыр еидҵаны, аӷа хәымга иҭархаразы рхы иамеигӡакәа,  фырхаҵарыла еибашьуан, еизҳауа абиԥарақәа аҭынчреи ахақәиҭреи рымазарц азы.

Агәра згоит, Аиааира ду азеиԥш доуҳатә ҭынха аԥхьаҟагьы аидгыларатәи, астратегиатәи усеицураҟны урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишацхраало.

Аҟәа. Лаҵарамза  8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 8 рзы  82 шықәса ҵит диижьҭеи Иури Николаи-иԥа Воронов (лаҵарамза 8, 1941 ш. –цәыббрамза 11, 1995 ш.).  – Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә, аҭҵаарадырратә усзуҩы, аҭоурыхдырҩы, археолог, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутат,

«Иури Воронов ажәытәӡатәи аамҭа инаркны Аԥсны аҭоурых иазку актуалра злоу   аҭҵаарадырратә монографиақәа жәпакы дравторуп. Иури  Воронов иҭҵаарадырратә усумҭақәа Аԥсны иазку акрызҵазкуа аҭоурыхтә ҭҵаарақәа  ирхыԥхьаӡалоуп. Аҵарауаҩ ду Иури Воронов активла Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаара далахәын.

Иури Воронов активла даҿагылан ақырҭуа милаҭеилыхратә ҵысра, Асовет Еидгыла анхыбгала ашьҭахьгьы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс даныҟаз, имч-илша зегьы Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара иазикит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз Иури Воронов аҭҵаарадырреи аполитикеи русхк аҟны имаз аимадарақәа зегьы ихы иаирхәеит Аԥсны апозициа адунеи зегьы аларҵәаразы.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2023. Аԥсныпресс. Абҩарҵәыреи аспорти русхкы аҿы шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала аусуреи иҳараку азанааҭдырра аҩаӡареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранеишьеит:

Бениа Џьарназ Владимир-иԥа – Гәдоуҭа араион Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак ахантәаҩы;

Кикнавелиӡе Зураби Шьоҭа-иԥа – Гал ақалақь ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» апрезидент;

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Аҟәатәи иҷыдоу аказакцәа рыҟәша атаман Андреи Чирков лаҵарамза 9 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥгахо Аиааира Апарад ихы алаирхәуеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҿы.

«Дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ Аиааира Апарад ахалархәра ҳаҭыр дуны, насыԥны иԥхьаӡарын уи еиԥш аҭагылазаашьа иоузҭгьы.  Ари даара ҳаҭыр зқу иҷыдоу амиссиа ауп. Аԥсны Аҳәынҭқарра, уи амилаҭ ахыԥхьаӡара акыр ишмаҷызгьы, 22 – ҩык Асовет Еидгыла афырхацәа алҵит», - ҳәа иазгәеиҭеит Андреи Чирков.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Асабша, лаҵарамза 7рзы,  Гәдоуҭа араион ауааԥсыра џьоукы ақалақь агәы иахьаҵанакуа еиуеиԥшым ацитатақәа зныз абаннерқәа кнарҳаит. Абаннерқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Владислав Арӡынбеи Фазиль Искандери рҳәамҭақәа зну абанерқәагьы.

Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгуа Аԥсныпресс акорреспондент диацәажәо иарбоу аҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит.

«Ақалақь агәы иахьаҵанакуа хә-баннерк кнаҳан. Урҭ рахьынтә ҩ-баннерк Владислав Арӡынбеи Фазиль Искандери рҳәамҭақәа анын. Иаанхаз х-баннерк егьырҭ еиуеиԥшым ацитатақәа рнын. Урҭ амырхит Гәдоуҭа араион Ахадара аусзуҩцәа амилициа аусзуҩцәа рыцырхырааны», – ҳәа еиҭеиҳәеит Баграт Боџьгуа.

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа лаҵарамза 2-4 рзы Аминералтә ӡқәа рыҟны раԥхьаӡакәны имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа иалахәхеит.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра Ахада афедералтә усбарҭақәа рнапхгареи Аҩада-Кавказтәи афедералтә округ иалоу асубиектқәа рхадацәеи, акорпорациа дуқәа рнапхгаҩцәеи дырԥылеит, иара убас урыстәылатәи амасатә информациа ахархәагақәа аинтервиу риҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аделегациа аилазаараҟны иҟан: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Илиа Христианов Аиааира Амшныҳәа идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Илиа Фома-иԥа. Гәык-ԥсыкала аныҳәамш Ду шәыдаҳныҳәалоит! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсадгьыл ахьчараҿы иаашәырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи аиааиразы агәазыҳәареи амчхара дууи ирыбзоураны иахьа иҳамоу аҭынч ԥсҭазаара азы.

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Баҭәба «2023-2025шш. амҩатә ԥҟарақәа реилагара автоматтә фиксациа асистема аҿиара» азы ахылаԥшратә хықәкытә Программа ишьақәнарӷәӷәаз апрограмматә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара азы анапхгарабжьаратәи акомиссиа аилатәара мҩаԥигеит.

Амҩатә ԥҟарақәа реилагара автоматтә фиксациа асистема аҿиаразы 2023 шықәсазы иазоужьхоит 40 миллион мааҭ 2024 шықәсазы - 80 млн. мааҭ, 2025 шықәсазы - 30 млн. мааҭ.

Апрограмма амҩа-транспорттә шәарҭадара ашьҭыхреи уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа ареспублика амҩақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа амониторинг амҩаԥгареи хықәкы хадас иамоуп.  

Аҟәа ақалақь ахь Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку  Имыцәо  амца  ахәҭаҷ  ааргеит. Абх.    

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәларбжьаратәи акциа «Агәалашәара амца» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь ахь Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ ааргеит.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи 7-тәи арратә база аруаа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҳаҭыртә карул иамадахоит Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ зҭоу акәаҷаб.

Лаҵарамза 9 рзы ари акәаҷаб аҟынтәи Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан Имыцәо амца аркхоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба адукаттә еилазаара ахаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит адукатцәа Рпалата ахантәаҩы  Константин Чагәаа, адукат Ҭамаз Кецба, Урыстәылатәи Афедерациа адукатура ахаҭарнакцәа – Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Башкортостани адукаттә палатақәа рхаҭарнакцәа, иара убас Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Аиԥылара  Аԥсны Аҳәынҭқарра адукатура 100-шықәса ахыҵра азгәаҭара  иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.

Лаша Ашәба Аԥсны адукатцәа шәышықәсатәи риубилеи рыдиныҳәалеит. «Шәара шықәсы рацәа инеиԥынкыланы ҳтәылауаа рзакәантә интерессқәеи рзинқәеи рыхьчараҿы шәгылоуп. Ҳара – азакәанԥҵаҩцәа ҳзы, ари аусхкы даараӡа аҵак ду амоуп», - ҳәа иҳәеит иара.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.