АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2023

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Раули Шьакаиа.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 22 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Раули Шьакаиа.  

«Раули Гьаргь-иԥа Шьакаиа Ҭҟәарчал ақалақь аҿы амузыкатә школ активра злаз анапхгаҩыс дыҟан. 20 шықәса инареиҳаны еиҵагыло аҿар реиҵааӡара иазикит. Аусуралшара, аамсҭашәара, агәацԥыҳәара, аус арҿиаратә знеишьа, иҿыцу, еиӷьу аԥшаара, аҵаҩцәа зегьы ҳаҭырқәҵаралы рызнеира – абарҭ, зеиӷьаҟам аҟазшьақәа рыла далукаауан Раули Гьаргь-иԥа», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны акультура Аминистрра иҟанаҵаз адышшылара аҿы.

 ­­­___

Раули Гьаргь-иԥа Шьакаиа диит нанҳәамза 22, 1945 шықәсазы.

1975 – 1990 шш. Ҭҟәарчалтәи амузыкатә школ адиректорс аус иуан.  

1988-1989 шш.  Ҭҟәарчалтәи ақалақьтә анагӡаратә комитет акультура аҟәша анапхгаҩыс аус иуан.

1990 - 1992 шш. – Аҟәатәи амузыкатә школ №5 адиректор, 1993 – 2022 шш. – Аҟәатәи амузыкатә школ №2 адиректорс аус иуан.  

 


Read 136 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 00:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.