АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2023

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90-шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа аатит Аԥснытәи аҳәынҭқаратә драматә театр аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, абҵарамза 24 рзы, Самсон Иасон-иԥа Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқаратә драматә театр аҿы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90-шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа аатит.

Иара уааҵәҟьа И.Г.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ала еиҿкаахеит  аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ржәытә ҭыжьымҭақәа рыла еиқәыршәоу ашәҟәқәа ркәакь.

Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу ацәыргақәҵа аартуа, еизаз зегьы Аидгыла аиубилеи рыдиныҳәалеит.

«Ари ацәыргақәҵа аҿы иахьа ицәыргақәҵоуп 90 шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны алитературатә ԥсҭазаара зныԥшуа афотосахьақәа.  Ҳиубилеи аламҭалазы ҳара иҭҳажьит афотоальбом, уи изҭаху зегьы ҳамҭас иргар алшоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Вахтанг Абҳазоу иажәақәа рыла, ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи аҳҭнықалақь Ахадареи русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәатәи ашколқәа фба рҿы иаартуп аԥсуа литература акружокқәа.  

«Ари даара акыр зҵазкуа, хра злоу усуп. Акружокқәа ахәыҷқәа рырҿиаратә лшарақәа рцәыргареи ашәҟәыԥхьара абзиабара рылааӡареи, иара убас аԥсуа литература аганахьала ирымоу адыррақәа рырҭбаареи алнаршоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Анаҩс еиуеиԥшым акультура аусбарҭақәеи аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәеи адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьара ахь ииасит.     

Апоетцәа Анатоли Лагәлаа, Гәында Сақаниеи   Гәында Кәыҵниеи ражәеинаалақәа ирыԥхьеит, еизаз зегьы ари акыр зҵазкуа арыцхә рыдырныҳәалеит.

«90 шықәса – ари жәҳәарада акыр зҵазкуа арыцхә ауп. Убри аҟара ахыҵит иара ҳара Ҳаидгыла, аха ҳара ҳлитература акыр еиҳаны иахыҵуеит,  ҳара ҳфольклор акәзар, уи азқьышықәсақәа ирхысхьеит. Араҟа сара искуп шамахамзар уаҳа џьара иуԥымло ашәҟәы, уигьы    90 шықәса ахыҵуеит. Џьума Аҳәба иԥсҭазаара далҵаанӡа иара ари ашәҟәы Ҳаидгылара 80-шықәса ахыҵра инамаданы ҳамҭас исиҭеит.  Ари еицырдыуа Леуарса Кәыҵниа ипоема «Шьаризан» аекземплир ауп –  ҳәа еиҭалҳәеит Гәында Кәыҵниа.

Гәыдиса Қәычбериа, Елана Пачулиа, Кама Кәарацхьелиа аԥсуа жәлар рашәақәа нарыгӡеит.  


Read 158 times - Аҩаша, 28 Абҵара 2023 22:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.