Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24 -25 рзы ақалақь Ростов-на-Дону аҿы 10-17; 18+ ақәратә категориа иаҵанакуа аспортсменцәа рыбжьара карате кекусинкаи (IFK) кумите азы Аладатәи Афедералтә Округи Нхыҵкавказтәи Афедералтә Округи Аԥхьахәгареи 6-7; 8-9 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара карате кекусинкаи (IFK) кумите азы афестивали мҩаԥсуан.
Аԥхьахәгара рхы аладырхәит 350-ҩык акаратистцәа, афестиваль – 140-ҩык Аԥсны, Астрахан, Волгоградтәи Ростовтәи абластқәеи Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика, Ареспублика Ҟрым рҟынтәи аспортменцәа .
«Афестиваль аҿы ҳаспортсменцәа Аԥсны Ареспублика ахьӡала иқәгылон, аԥхьахәгара аҿы - Ростовтәи аобласть ахьӡала, избан акәзар, аԥхьахәгара аҩныҵҟатәи акәны иҟан», – ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аресаублика Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа апрезидент Витали Ҷыҭанаа.
Афестиваль аихшьаалақәа рыла, аԥснытәи аспортменцәа актәи аҭыԥқәа ҩба, аҩбатәи аҭыԥқәа хԥа, ахԥатәи аҭыԥқәа хԥа ааныркылеит.
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Русҭам Ратиа (Агәыӡера аҳабла), Сандро Џьаӷмазиа (ақ. Очамчыра).
Араӡны медалқәа роуит Леон Џьынџьал (ақ.Аҟәа), Кира Заболотнаиа (Агәыӡера аҳабла), Левон Ходџьикиан (Агәыӡера аҳабла).
Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Леонель Дунамалиан (Агәыӡера аҳабла), Елизавета Барсукова (Агәыӡера аҳабла), иара убас Викториа Кондакчиан (Агәыӡера аҳабла).
Аладатәи Афедералтә Округи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Округи Аԥхьахәгара аихшьаалақәа рыла аԥснытәи аспортсменцәа атәи аҭыԥқәа хԥа, аҩбатәи аҭыԥқа ԥшьба, ахԥатәи аҭыԥқәа хәба ааныркылеит.
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Алан Иакәыб-оглы (ақ. Очамчыра), Давид Аџьынџьал (Агәыӡера аҳабла), Арианна Мартиросиан (Агәыӡера аҳабла).
Аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Сандро Џьиӷаниа (ақ. Очамчыра), Саид Гарзолиа (ақ. Очамчыра), Руслан Карапетиан (Агәыӡера аҳабла), Руслан Кондакчиан (Агәыӡера аҳабла).
Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Самед Бабаев (ақ.Аҟәа), Мисаил Қриа (ақ. Аҟәа), Ратмир Абыхәба (ақ. Очамчыра), Далмаҭ Чагәаа (Агәыӡера аҳабла), иара убас Леон Крыгин (Агәыӡера аҳабла).
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Ареспублика Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа апрезидент, Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Витали Ҷыҭанаа (ақ.Аҟәа), Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, аспорт азҟаза Ҭемыр Ҷыҭанаа (Агәыӡера аҳабла), иара убас Ареспублика Аԥсны аспорт азҟаза Зураб Мурадиан (ақ. Очамчыра).
Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.