
pressadmin-2
АԤСНЫ АХАДА, АРБЏЬАР МЧҚӘА РЫДҴАҞАҴАҨ ХАДА АСЛАН БЖЬАНИА МРАГЫЛАРАТӘИ АХӘҬАҞНЫ ИҞОУ АРРАТӘ ИНФРАСТРУКТУРА АОБИЕКТҚӘА ДЫРҬААИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада, Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәараан Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟоу арратә инфраструктура аобиектқәа дырҭааит.
Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәылахьчара аминистр, аштаб хада аиҳабы Владимир Ануа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба ицны иаҭааит АА Атәылахьчара аминистрра арратә хәҭақәа.
АСЛАН БЖЬАНИА ЕИЦЫРДЫРУА АШӘҞӘЫҨҨЫ, АКЛАССИК АЛЫҚЬСА ГОГӘУА ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәҩы, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы А.Н.Гогәуа Иира амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит. Адныҳәларатә цҳамҭа аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш. Шәара, зырҿиара Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы еицырдыруа шәҟәыҩҩуп, ҳаамҭазтәи классикуп, зажәа акрылнадо уаажәларратә усзуҩуп. Ахә ашьара уадаҩуп иахьатәи аԥсуа литература, иахьатәи аԥсуа абызшәа аҿиараҿы Шәара шәлагаламҭа. Шәара шәырҿиара зегьы ибзиаӡаны ианыԥшуеит даҽакы иаламҩашьо, иҷыдоу аԥсуа милаҭтә хәыцшьа, ҳмилаҭ ирҟазшьоу аԥсҭазааратә философиа. Аԥсуа цәа рыҟәнуп шәҩымҭа ссирқәа бырлашҵас иргәылаԥсоу ақәыԥшра, аҿара, абзиабара ахаҿсахьақәа. Амҽхак ҭбаауп, иҵаулоуп ҟазара дула иаашәырԥшуа азаҵәра, ажәра, аиԥырҵра атема.
АФЕДЕРАЦИА АХЕИЛАК АЕКОНОМИКАТӘ УСҚӘА РЗЫ АӠБАРҬАҚӘА РЫӠБАМҬАҚӘА РАЗХАҴАРА АЗЫ АИҚҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА АЗНАУИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афедерациа Ахеилак ахаша имҩаԥысыз апленартә еилатәара аҿы аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭатәи абжьаҟазаратәи аӡбамҭақәа разхаҵареи рынагӡареи рзы Урыстәылеи Аԥни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азура иақәшаҳаҭхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.
Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥысит рашәарамза 29, 2022 шықәса Санкт-Петербург ақалақь аҿы. Анаҩс уи аратификациа азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь инашьҭын, жәабранмза 25, 2023 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит.
АԤСЕИҚӘЫРХАҨЦӘА АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АХӘЫШӘТӘЫРҬА АХЬ ДНАРГЕИТ ГӘЫМА АҚЫҬА АҾЫ ИНХО АХАҴА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа хәажәкырамза 14 рзы ироуз адырра ала Аҟәа араион Гәыма ақыҭахь (Абжьаҟәа) ицеит. 1956 шықәса ииз атәылауаҩ Ашәба адабла исит, уи иаарласны амедицинатә цхыраара иҭатәхеит. Аиқәырхаҩцәа ачымазаҩ аҳҭнықалақь ахь дааганы Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа дрырҭеит, ҳәа хәажәкырамза 15 рзы адырра ҟанаҵеит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
ИАХЬА АԤСНЫ МАРТТӘИ АЖӘЫЛАРА 30- ШЫҚӘСА АХЫҴРА АЗГӘАРҬОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Марттәи ажәылара 30-шықәа ахыҵра азгәарҭоит.
30 шықəса раԥхьа, 1993 шықәса, хәажәкырамза 15 рзы Гəмысҭатəи афронт аибашьцәа Аҟəа ақалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцəа рҟынтə ахақəиҭтəразы мҽхакы ҭбаала ажəылара мҩаԥыргеит.
Аԥсуа архəҭақəа Гəмысҭа аӡы ирны Аԥсны аҳҭнықалақь азааигəара астратегиатə ҵакы змаз аҳаракырақəа рнапаҟны иааргеит, гəыԥқəак ақалақь агəы алалара рылшеит.
Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҭоурых аҿы Хәажәкырамзазтәи ҳəа зыхьӡхаз ажəылараан аԥсадгьыл ахьчаҩцəа зеиԥш ыҟам афырхаҵареи агəымшəареи аадырԥшит, аҕацəа ртехникеи дареи ааха ӷəӷəа рырҭеит. Аха рыцҳарас иҟалаз, ажəылара ахықəкы азынамыгӡеит, хәажәкырамза 17, 18 рзы ҳаибашьцəа хьаҵыр акəхеит.
Д. И. ГӘЛИА ИХЬӠ ЗХУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ПРЕМИА АИРУЗЫ АКОНКУРС РЫЛАҲӘАХЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023. Аԥсныпресс. Алитература, аҟазара, архитектура аусхкқәа рҿы Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа апремиа аирузы аконкурс рыланаҳәоит.
Аконкурс ахь ирыдаркылоит 2020–2022шш. акьыԥхь збаз арҿиамҭақәа.
АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ ИМАҴУРАХЬЫ Х-КАНДИДЛАТУРАК ЫҚӘЫРГЫЛОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы ирыхәаԥшит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵураҭыԥ ахь иқәыргылаз акандидатурақәа.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵураҭыԥ аанкыларазы иқәыргылоуп х-кандидатурак – Гәында Џьениа, Анас Кьыьмариа, Диана Керселиан.
ИНАЛ АРӠЫНБА ААУ АТЕХНИКАТӘ ЕИҚӘЫРШӘАРА АҾЫ АЦХЫРААРА ҞАИҴОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ААУ атехникатә еиқәыршәара аҿы ацхыраара ҟаиҵоит. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟалҵеит ауниверситет аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаа.
«Ауниверситет аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа аус аулоит IT база. Уи иаҵанакуеит ҳаамҭазтәи атехника, алитература аахәара, инагоу урыстәылатәии белорустәии IT аспециалистцәа алархәны онлаин лекциақәа реиҿкаара, уҳәа. Иахьа IT – ари даара аперспективра злоу ахархәагақәа реикәыршара ду змоу усхкны иҟоуп. Ҳара акадртә база аԥҵара ҳалшар, иарбоу аусхкы аҿы аихьӡара бзиа аарԥшрагьы ҳалшоит ҳәа сгәы иаанагоит», - ҳәа илҳәеит лара.
ШЬАҬАНКЫЛАТӘИ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АУСБАРҬА АХАДА АԤЫЗА-МИНИСТР ИҾАԤХЬА АРГЫЛАРА-ЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЗЫ АГӘҬАБЖЬАРАТӘИ АҲАСАБЫРБА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба ареспубликатә биуџьет ахатәы ԥаратә хархәагақәа рхарџь ала зфинанстәра мҩаԥысуа арратәии асоциалтәии аинфраструктура аобиектқәа рҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа азы иҟаиҵаз агәҭабжьаратәи аҳасабырба дазыӡырҩит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, сынтәа 2022 шықәса рзы инагӡаны имҩаԥгамыз аусурақәа зегьы хыркәшахоит, Пицунда ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча аҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларагьы уахь иналаҵаны.
Очамчыра араион аҿы Лабра ақыҭан автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара хыркәшахеит, иара убас аҩбатәи ақыҭатәи ацҳа аиҭашьақәыргылара ахыркәшарахь инеиуеит, Ҷлоу ақыҭан акультура Аҩны ахыбра ақәҵара мҩаԥгоуп, Аӡҩыбжьа, Ԥақәашь, Кәтол ақыҭақәа рҿы афельдшер-кушертә пунктқәа рҿы аргылара-еиқәыршәаратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Хара имгакәа Ԥақәашь ақыҭан автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара иалагоит.
Ахархәарахь ирыҭахеит Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭан иҟоу ацҳа, ааигәа аргылаҩцәа ари ақыҭаҿы иҟоу даҽа цҳакгьы аиҭашьақәыргылара иалагоит.
Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Ҭҟәарчал ақалақь аҿы – В. Арӡынба, 13, Горки, 1 амҩақәа рыла игыло аҩнеихагылақәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп.
АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА 2023–ТӘИ АШЫҚӘС АԤСУА ЛИТЕРАТУРА ИАШЫҚӘСНЫ ИРЫЛАНАҲӘЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 2022 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын хәажәкырамза 10 рзы имҩаԥысыз арҿиаратә еиҿкаара апрезидиум аилатәара.
Аҳасабырбатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Аидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу. Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла апрезидиум иара убас 2023 шықәсазы аусура аплан шьақәнарӷәӷәеит.
Абарҭ ахырхарҭақәа рыла аусура арӷәӷәара азы аӡбамҭа рыдыркылеит: Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны иҟоу Алитературатә Клуб аусура;
алитератор ҿарацәеи ареспублика аҵараиурҭақәа жәпакы рҿы еиҿкаау алитературатә гәыԥқәеи русура;
иреиӷьу арҿиамҭақәа ацәаҳәаҵатәи азҟазаратәи аиҭагара;
ашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә ҭынха аизгареи аиқәырхареи;
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла афотоархив аԥҵара.
«Ҳазҭалаз ашықәс аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рзы аҵак ду змоу шықәсны иҟоуп. Ааԥынра, 1933 шықәса рзы иаԥҵаз атәыла ижәытәӡоу арҿиаратә еиҿкаарақәа иреиуоу Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90-шықәса ахыҵуеит. Ари аиубилеитә рыцхә ҭагалан азгәаҭара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Убри инамаданы атәыла алитературатә ԥсҭазаара азы еиҳа зҵазкуа ахҭысқәа алкаахеит. Урҭ ирызкхоит араионтә, ақалақьтә, ареспубликатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы», – ҳәа Аԥныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Вахтанг Абхазоу.