pressadmin-2
ЖЬҬААРАМЗА 22 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ АҚЫҬАНХАМҨАТӘ ХӘААХӘҬРАТӘ ЦӘЫРГАҚӘҴА.
Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 22 азы, асааҭ 11:00 рзы Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы Аԥсны иаарыху ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахәаахәҭратә цәыргақәаҵа мҩаԥгахоит.
Аԥснытәи афермерцәа раалыҵ аӡыргареи аҭиреи рзы алшара роуеит, Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аархәар ҟалоит, иара убас анаҩстәи аусеицуразы аарыхыҩцәеи дареи ишиашоу аимадара рыбжьарҵартә еиԥш алшарақәа рзаԥҵахоит.
АШӘАХТӘ ЗАКӘАНԤҴАРА АИҬАКРАҚӘА РАЛАГАЛАРАЗЫ АУСУРАТӘ ГӘЫԤ АԤҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Апарламент аҿы иаԥҵоуп Ареспублика ашәахтә закәанԥҵара аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы аусуратә гәыԥ.
Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан напхгара зиҭало аусуратә гәыԥ аилазаара иалалеит:
Ҳалуашь Б. В. – абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы;
Гәлиа А. Р. – Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа абиуџьет азы асектор аиҳабы;
Шьалашьаа 3. И. – аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут адиректор;
Қәаранӡиа А. А. – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афинансқәеи акредити ркафедра аиҳабы, аекономикатә наукақәа ркандидат, адоцент;
Гәыниа A. А. – Аминистрцәа Реилазаара азинтә напхгараҭара аусбарҭа анапхгаҩы;
ДАУР АҚАҨБА ВИАЧЕСЛАВ АБЛОҬИА ИИРАМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акинорежиссиор, асценарист, Урыстәыла Акинематографистцәа реидгыла алахәыла, акиностудиа «Аԥсуафильм» адиреқтор, Аԥсны жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа иахьа ихыҵуеит 80 шықәса.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Даур Ақаҩба аиубилиар иирамш идиныҳәалеит.
АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АРЕСПУБЛИКА АҾЫ АЗИНЕИЛАГАРАҚӘА РАԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЗЫ АГӘАҬАРАҚӘА МҨАԤНАГОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иҟаиҵаз адҵа ала, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ареспублика аҿы азинеилагарақәеи амҩа-транспорттә ԥҟарақәа реилагареи разԥхьагәаҭареи рыԥхьырҟәҟәаареи ирызкны агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа нанагӡоит. Иԥаршеиу аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дыргақәа рыҟазаара, автомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцара анормақәа реилагара, уҳәа амҩа-транспортә ԥҟарақәа ӷәӷәала реилагара иадҳәалоу афактқәа аарԥшхоит.
Амилициа аусзуҩцәа иара убас изакәанымкәа зыиагара ҟамло амаҭәарқәа, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа, иҭҟьо амцабџьар, аџьаԥҳаны, уҳәа рыҟазаара азы автотранспорттә хархәагақәа гәарҭоит. Аусеилыргаратә шьҭазаара иаҵанакуа ахаҿқәа рзы ирымоу адыррақәа рышьақәырӷәӷәара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СТАТИСТИКА АНАПХГАҨЦӘЕИ УРЫСТӘЫЛА АСТАТИСТИКА АНАПХГАҨЦӘЕИ МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ 2022-2024 ШШ. АСТАТИСТИКА АУСХКЫ АҾЫ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА РЫПЛАН РНАПЫ АҴАРҨИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика Аилак ахантәаҩы Кама Гогиеи Урыстәыла аҳәынҭқарратә статистика Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Сергеи Галкини Москва ақалақь аҿы «2022-2024 шш. астатистика аусхкы аҿы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аплан» рнапы аҵарҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Иара убас аҩганктәи аилацәажәарақәа мҩаԥысит. Араҟа аусеицура ихадоу апунктқәа ралкаареи аԥышәа аимдареи мҩаԥысит.
ААУ АКТӘИ АПРОРЕКТОР ВИКТОР МАЛАНӠИА ИԤСЫЖРА АИҾКААРАЗЫ АКОМИССИА АԤҴОУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукааша анаука аусзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу аҵараиура аусзуҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет актәи апроректор, апрофессор, Виктор Илиа-иԥа Маланӡиа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥсыжра аиҿкааразы акомиссиа аԥҵара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
ААУ аректор Алеко Гәарамиа напхгара зиҭо акомиссиа аилазаара иалалеит:
Адлеиба Д.Иа., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апроректор.
Амқәаб Г.А., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор иабжьгаҩ, акафедра анапхгаҩы,
Ӷәынџьиа М.Х., Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апроректор,
АКУЛЬТУРА АМИНИСТРРА АРКАДИ АРШБА ИԤСҬАЗААРА ДАХЬАЛҴЫЗ ИНАМАДАНЫ ИУАЦӘЕИ ИҬЫНХАЦӘЕИ ИРЫДЫШШЫЛОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра Аԥсны аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи ансамбль ԥыхьатәи асолист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Аркади Ҷыҷыкәа-иԥа Аршба иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула идышшылоит.
АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА ИАХӘАԤШИТ, АКТӘИ АԤХЬАРААН ИРЫДЫРКЫЛЕИТ АРЕСПУБЛИКАТӘ БИУЏЬЕҬ АЗЫ АЗАКӘАН.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит «Ареспубликатә биуџьеҭ азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
«Иарбоу азакәан апроект иҟоу абиуџьеттәии ашәахтәии азакәанԥҵара, аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыӡбамҭақәа, аҳәынҭқаррабжьаратәии анапхгарабжьаратәии аиқәшаҳаҭрақәа рыла ишьаҭарку ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи адефицити ршәагааи рыструктуреи ариашарақәа алазгало 2022 шықәсазы Ареспублика Аԥсны абиуџьеҭ аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.
2022 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ азеиԥш шәагаа ахашәалахәқәа рыла иазԥхьагәаҭоу аицҵалыҵ 12 150 159,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа рыла уи аицҵалыҵ – 13 555 193,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит еиҵатәоуп 1 405 033,5 нызықь мааҭ рыла.
Зыдгалара мҩаԥгоу азакәан апроект аҿы Ареспубликатә биуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа 9 763 649,9 нызықь мааҭ рҟынӡа аилыркааратә риашара алагалоуп.
2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ иззыԥшу ахашәалахәқәа рынагӡара ахәшьара аҭарала иазԥхьагәаҭоуп 351 417,6 нызықь мааҭ рҟынӡа иназыцҵоу ахатәы хашәалахәқәа ралагалара. Убас:
– Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иҭыжьхо атауарқәа, инагӡахо аусурақәа, амаҵзурақәа рзы иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә (НДС) аҳасабала 166 000,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;
– Аԥсныҟа ииагахо атауарқәа рзы иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә аҳасабала 104 971,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;
–адәныҟаеконоикатә усура аҟынтәи ахашәалахәқәа раҳасабала 22 098,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;
– аҳәынҭқарратә баџь аҳасабала 22 022,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо алагалақәа;
АПАРЛАМЕНТ АҾЫ ИАХӘАԤШИТ, АКТӘИ АԤХЬАРААН ИРЫДЫРКЫЛЕИТ «АГЕОДЕЗИАТӘИ АХСААЛҨЫРАТӘ УСУРЕИ АНАӠААӠАРАТӘ РБАГАҚӘЕИ РЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит «Агеодезиатәи ахсаалҩыратә усуреи анаӡааӡаратә рбагақәеи рзы» Азакәан апроект. Иара убас, актәи аԥхьараан «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» ақәҵара рыдыркылеит.
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥсны Ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиа.
Азакәан апроект «Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиҭамҵуа амазара аобиектқәа 2015 – 2017шш. аҳәынҭқарратә кадастр аԥҵара азы Апрограмма» ашьақәырӷәӷәара» азы Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵареи, иара убас 2015 – 2017шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиҭамҵуа амазара акадастр аԥҵара Аконцепциеи рынагӡара азы аус адуланы еиқәыршәахеит.
Азакәан апроект аинформациатә системақәа рхархәаралагьы уахь иналаҵаны, анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаареи реизгареи рыҵәахреи аус рыдулареи, иара убас рыдгалареи рыларҵәареи рзы агеодезиатәии ахсаалҩыратә усуреи рҭышәынтәалара алнаршоит.
2025 шықәсанӡа агравиметриатә каҭа аԥҵареи, анаҩс уи ашәарақәа риашаԥҵәара аизырҳара азы ареспубликатә геодезиатә шьаҭа аилазаара алагалареи рзы адгалара мҩаԥган. Иазгәаҭатәуп, иарбоу аус ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иацҵаны афинанстәра аҭаххоит.
Азакәан апроект аус адулараан агеодезиатәи ахсаалҩыратә усуреи рынагӡара азы атехникатә документациа аҟамзаара инамаданы, уи ашьақәырӷәӷәара мҩаԥысаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра агеодезиатәии ахсаалҩыратә усуреи рынагӡараан зынагӡара хымԥадатәиу ашәарақәа риашаԥҵәара ҳәаақәызҵо адгыларатә аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәа рнорма-зинтә шәҟәынҵақәа рсиа алкаара азы адгалара ҟаҵоуп.
Аметрологиа аусхкы аамҭаԥҵәа шьақәзыргыло анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рыдкылареи, иара убас агеодезиатә еиқәыршәагақәа ргәаҭара амҩаԥгара азы аккредитациа змоу аиҿкаара аԥҵареи ҟалаанӡа, иарбоу азакәан апроект ала адгыларатә аҳәынҭқаррабжьаратәи еиқәшаҳаҭрақәа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәа рзакәанԥҵара инақәыршәаны ирыҭоу, мамзаргьы агеодезиатә шәарақәа назыгӡо рыла ирыҭоу агәаҭара (акалибровка) азы аршаҳаҭгақәа разхаҵара азы адгалара ҟаҵоуп.
Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса иахымгакәа уаанӡа аҭыӡҭыԥ занашьамыз, иҟоу аобиектқәа аҭыӡҭыԥқәа рыҭара азы азԥхьанҵа ҟаҵоуп.
Иарбоу азакәан адкылара Аԥсны иахьаҵанакуа анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаареи реизгареи рыҵәахреи аус рыдулареи, иара убас рыдгалареи рыларҵәареи уахь иналаҵаны, агеодезиатәии ахсаалҩыратә усуреи рымҩаԥгараан ицәырҵуа аизыҟазаашьақәа азакәантә шьаҭала рҭышәынтәалара алнаршоит.
АПАРЛАМЕНТ АҾЫ ИАХӘАԤШИТ, АКТӘИ АԤХЬАРААН ИРЫДЫРКЫЛЕИТ «АГЕОДЕЗИАТӘИ АХСААЛҨЫРАТӘ УСУРЕИ АНАӠААӠАРАТӘ РБАГАҚӘЕИ РЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа иахәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит «Агеодезиатәи ахсаалҩыратә усуреи анаӡааӡаратә рбагақәеи рзы» Азакәан апроект. Иара убас, актәи аԥхьараан «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» ақәҵара рыдыркылеит.