АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Абҵара.2023

Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа аҿы ареанимациатә ҟәша аартра азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахырхарҭа иақәшәо аҳақьымцәа алархәны Аҟәатәи аҿыкчымазара ахәышәтәырҭа ашьаҭаҿы ареанимациатә ҟәша аартра азҵаара алацәажәаразы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аилатәара рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делбеи Аҟәа ақалақь Ахадара Агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Ирма Воубеи.

Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа аҿы ареанимациатә ҟәша аартразы аԥшьгара ҟарҵеит иарбоу ахәышәтәырҭа анапхгара.

«Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра иарбоу аԥшьгара иадгылоит. Аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа хыԥхьаӡара рацәала ачымазцәа адҵаалоит. Иҟоуп ареанимациатә усмҩаԥгатәқәа зҭахугьы. Аиҳарак ала уи хадара шаҵоу убоит иарбоу амедицинатә усбарҭа ахь иаауа апациентцәа рхыԥхьаӡара ҳасаб азуны уахәаԥшуазар. Иахьазы ахәышәтәырҭаҿы ареаниматологцәа ыҟоуп, аха асезонтә қыӷәӷәарақәа раан урҭ рымч азымхар ҟалоит. Убри инамаданы, иарбоу ахәышәтәырҭаҿы ишахәҭоу ала еиҿкаау ареанимациатә ҟәша аартра хымԥадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп!», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр  Едуард Быҭәба.

Иаадыртраны иҟоу аҟәша акадртә еиқәыршәара акәзар, аилацәажәара иалахәыз ргәаанагарала, ари апроблема аӡбара алшоит ақалақьтәи араионтәи ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи аперсонал рротациеи, иара убас урыстәылатәи рколлегацәа раашьҭреи раҳасабала.


Read 321 times - Ахаша, 15 Абҵара 2023 23:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.