АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Абҵара.2023

Алхас Кәыҵниа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-афорум «Урыстәыла» даҭааит.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа абҵарамза 15 рзы Урыстәыла аккредитациа змоу аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәаҩцәа рзы ҷыдала еиҿкааз, «Урыстәылатәи Афедерациа иуникалтәу аихьӡарақәеи алшарақәеи ирызку» Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-афорум «Урыстәыла» ахь аекскурсиа ихы алаирхәит.  Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-афорум «Урыстәыла» Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа аҿы абҵарамза  4 рзы аофициалла иаатит. Уи аус аулоит мшаԥымза 12, 2024 шықәса аҟынӡа.  

Аекскурсиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәаанырцәтәи апартниорцәа аус рыцуразы аперспектива ҿыцқәа аазыртуа Урыстәыла ааглыхратә, аенергетиатә, атехнологиатә, акультуратә потенциал аиҳарак ахшыҩзышьра аҭан.

Аескурсиа ахыркәшамҭаз аҳәаанырцәтәи адипломатиатә миссиақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи рхаҭарнакцәеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, ацәыргақәҵа-афорум аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы аиҿкааратә комитет ахантәаҩы Сергеи Кириенкои реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.

 


Read 303 times - Ахаша, 15 Абҵара 2023 23:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.