АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Абҵара.2023

Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра Ԥсҳәы ақыҭантәи ауааԥсыра рзы зыхәԥса 230 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо ахәшәқәа рзоунажьит.

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара Аминистрра ашьха иаԥну Ԥсҳәы   ақыҭантәи ауааԥсыра ахәшәқәа рзоурыжьит.  

Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭа аҿы цәыббрамзазы мҽхакы ҭбаала имҩаԥгаз адиспансеризациа аихшьаалақәа рыла, ақыҭаҿы инхо ачымазцәа рыхәышәтәразы ихымԥадатәиу ахәшәқәа рсиа шьақәыргылан.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Идҵа инақәыршәаны, аминистрра изыхәҭоу зегьы хәшәыла реиқәыршәара азы ахәшәқәа раахәара еиҿнакааит.

Ахәшәқәа рсиа иалалеит: авитаминтә комплексқәа, аепилепсиаҿагыларатәи аллергиа хызҽуа аппаратқәа, ахьаартәагақәа, антибиотиқәа, антисептикқәа, ашоурартәагақәа.   

Зынӡа иаахәаз ахәшәқа ирақәхарџьхеит 230 нызықь мааҭ инареиҳаны.

Иара убас атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра Ԥсҳәы ақыҭаҿы инхо аԥҳәыс аоперациа аҟаҵаразы Урыстәылатәи  Афедерациаҟа лдәықәҵара алнаршеит. Адиспансеризациа амҩаԥгараан  аҳақьымцәа ари аԥҳәыс апатологиа лыдырбалеит – уи лыгәчамауаҭәатә аҟәартәра адеформациа шамаз гәарҭеит.  Апациентка аендопротезҟаҵара аганахьала дԥырҟеит, уи қәҿиарала имҩаԥысит.


Read 334 times - Аԥшьаша, 16 Абҵара 2023 21:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.