
pressadmin-2
Аԥснытәи астудентцәа Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә Институт аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс «Сара стәыла» рхы аладырхәит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә техникатә университет (МАДИ) аҿы имҩаԥысит жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс «Сара стәыла»
Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, аусмҩаԥгатә иаҭааит аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа. Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә техникатә университет (МАДИ) аректор инапынҵақәа назыгӡо Артиом Ажгиревичи, апроректорцәа Игорь Артемиеви Марат Бадашкееви злахәыз астол гьежь аҿы Аԥсны, Виетнам, Доминикантәи Ареспублика, Египет, Иорданиа, Ирак, Ливан, Шьамтәыла, Судан, Таџьыкьысҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи асасцәа аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәарц еизеит.
Астол гьежь аԥснытәи аган аҟынтәи рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Нури Хәарцкьиеи атташе Станислав Қаџьааи.
Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Нури Хәарцкьиа адныҳәаларатә ажәхә ҟаиҵеит, уи аҵараиурҭа анапхгара ҿыц дрыдныҳәалеит, аринахысгьы ари аҵараиурҭеи Аԥсни аусеицура шрыбжьало азы агәыӷра шимоу ааирԥшит: «Аҵараиурҭа анапхгараҭара ҳџьынџьуаа ирынаҭо адгылара азы ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Иахьа ауниверситет Аԥсны азы акыр зҵазкуа ахырхарҭақәа рыла зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа азыҟаҵаны иоунажьуеит. Аҵараиурҭа аужьҭымҭацәа аӡәырҩы рзанааҭ ала қәҿиарала аус руеит. Ишьақәгылахьоу арҭ зеиӷьаҟам атрадициақәа рыцҵара шалыршахо азы агәыӷра ҳамоуп» - ҳәа иазгәеиҭеит Нури Хәарцкьиа.
Аслан Бжьаниа: атуристтә усхкы, ақыҭанхамҩа, алогистикеи IT-технологиақәеи аекономика ԥхьаҟа изго хырхарҭақәаны иҟоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса I аԥшьбара азы аусура аихшьаалақәа ирызкны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.
Амш азҵаараҟны иқәгылан атәыла асоциал-економикатә ԥсҭазаараҟны иактуалтәу азҵаарақәеи 2023 шықәса актәи аԥшьбара азы имҩаԥгоу аусура аихшьалақәеи.
Араионқәа рхадацәа имҩаԥгаз аусуразы аҳасабырба ҟарҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада араионқәа рхадацәа зыӡбара афинансқәа разымхара иадҳәалоу апроблемақәа рыхәҭак ауп ицәырыргаз ҳәа иазгәеиҭеит.
Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарра апроблемақәа зегьы ахала иаӡбалароуп, аԥарақәа рырҳара ҵатәуп.
«Иҳамоу активқәа аԥара ҳзаанагалароуп. Араион ахада араион аҿы 20 нызықь гектар ақыҭанхамҩатә дгьыл ыҟоуп, аха убри аҟынтәи аус зыдулахо 10 -15% роуп ҳәа аниҳәо – убри ауп ахархәара змауз ҳара ҳпатенциал. Ҳара уи ҵыхәаԥҵәарада ҳалацәажәалоит ҷыдала ауснагӡатәқәа наҳмыгӡар», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада аԥсуа економика ԥхьаҟа агара зылшо аусхкқәа дрылацәажәеит. Уи атуристтә усхкы, ақыҭанхамҩа, алогистикеи IT-технологиақәеи роуп.
Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы 2023 шықәсазы иазоужьхоит 5 млн. мааҭ.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аԥсны аҳәынҭқарратә Усбарҭа аппарат аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аҩаӡареи аппарат аҭаххрақәа рзы 2023 шықәсазы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵи ашьақәыргылара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә Усбарҭа аппарат аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аҩаӡара – 9 аштаттә акқәа.
Аԥсны аҳәынҭқарратә Усбарҭа аппарат аҭаххрақәа рзы 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 3 млн. 174 нызықь мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоуп.
Арҭ атәыла Анапхгара аӡбамҭақәа ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны ишьақәгылаз азинеизыҟазаашьақәа ирыдҳәалахоит.
Аԥшьаша, мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара азы аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәахеит. Урҭ рынагӡаразы иазоужьхоит 5 млн. мааҭ.
Аумҩаԥгатәқәа рыплан абарҭ апроектқәа рынагӡара азԥхьагәанаҭоит:
Ирласны аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа;
Аофициалтә документациа, аусеилыргара, иара убас иҷыдоу атерминологиа аԥсуа бызшәахьы аиҭагара;
Арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсуа бызшәа зықәра маҷӡоу рзы. Ицәажәо анбан» аелектронтә версиа аԥҵара;
Арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсуа бызшәа» (алагаратә ихадоу аҩаӡара) аиқәыршәареи аҭыжьреи;
Ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәеи аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәеи рзы аԥсышәала ицәажәо аудиошәҟәқәа рҭыжьра;
Амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи аԥсуа бызшәахьы реиҭагареи рдублиаж аҟаҵареи;
Аԥсышәала ицәажәо, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәар «Сара раԥхьатәи сышәҟәы» аҭыжьра;
Лабҿабатәи ацхыраагӡақәа «Ахәыҷтәы плакатқәа» аԥсышәала рҭыжьра;
Ахәыҷқәа рзы Платон Бебиа иажәеинраалақәа реизга «Амра ԥхоит» аԥсышәала аҭыжьра;
Анзор Мықәба ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәала ииҩыз ипиеса-алакә «Ажьа-афырхаҵа» аҭыжьра;
Гәында Кәыҵниа ашколнӡатәи ақәра змоу ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәала илҩыз, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәеинралақәа реизга «Асааҭи аамҭеи» аҭыжьра;
Владимир Аҵнариа аиҵбыратәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәала ииҩыз, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәеинралақәа реизга «Сыԥсадгьыл амра» аҭыжьра;
«Андерсен илакәқәа» аԥсшәа бызшәахьы аиҭагара;
Гәында Сақаниа илҩыз ашәҭқәа рыхьӡқәа зну, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ахәыҷтәы жәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа» аҭыжьра;
Аҵара аминистр Инал Габлиа аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара азы аусмҩаԥгатәқәа рыплан апроект заанаҵы Аминистрра ахь ахәаԥшразы иахьынашьҭымыз азы агәынамӡара ааирԥшит.
«Аҵара Аминистрра ахь аплан апроект нашьҭӡамызт. Раԥхьаӡа иргыланы иазгәасҭарц исҭаху, ашәҟәы «Ицәажәо анбан» ҳара ахәыҷбаҳчақәеи аҽазыҟаҵаратә классқәеи ирзаҳшахьеит. Аҳәынҭқарра уи азы аԥара азоунажьхьеит. Иҩбахаз, ашколхәыҷқәа рзы аодиошәҟәы атәы ҳәа ҳара акгьы ҳмаҳаӡацт. Ҳара иҳамоуп Аҵара аминистрра, апедагогика Аинститут. Сара сгәаанагарала, арҵагашәҟәқәа рҭыжьра абызшәатә политика аҿиара азы аҳәынҭқарратә Еилакы афункциақәа ирыҵанакӡом. Ҳара хазы-хазы аусура ҳалагар, усҟан уи иахәҭоу алҵшәақәа аанарԥшӡом. Насгьы, дара Аминистрра ақәыршаҭаҭра ада џьара акыр ҭрыжьзар, урҭ ахәыҷқәа рыбжьара аларҵәара шԥаҟалои? Аҭыжьымҭа Аминистрра аҟны ақәыршаҳаҭра иахымсзар, усҟан иара ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь анашьҭра зыҟалаӡом», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Аԥсны Амшын Еиқәа аӡымҽхак аҿы ааглыхратә ԥсыӡкра азы ззин ыҟоу азеиԥш хыԥхьаӡара асистема аԥҵара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иузахмырԥо азеиԥш хықәкыттә программа «Амшын Еиқәа аӡымҽхак аҿы ааглыхратә ԥсыӡкра азы ззин ыҟоу азеиԥш хыԥхьаӡара асистема аԥҵареи алагалареи» шьақәдырӷәӷәеит аԥшьаша, мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.
Апрограмма аус адулара мҩаԥысуан Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аҿы. Уи 2023–2027 шш. ирҭагӡахароуп. Апрограмма анагӡаразы 2023–2027 шықәсқәа рзы арепубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхоит 7,5 млн. мааҭ.
Апрграмма ахықәкы хадақәа рахь иаҵанакуеит:
- Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аихтиологиа алабораториа ахархәаратәии афундаменталтәии аҭҵаарақәа рымҩаԥгара азы иназыцҵоу аиқәыршәагақәа рыла аибыҭара;
2023 шықәсазы анаркотикатә хархәагақәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи рыҵәахреи рыиагареи рзы аквотақәа шьақәырӷәӷәоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2023 шықәсазы анаркотикатә хархәагақәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи рыҵәахреи рыиагареи рзы аҳәынҭқарратә квотақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Убас, асиа иалагалоуп 13 хьӡы:
Алпразолам – 4,0 грамм.
Буторфанол – 20,0 грамм.
Диазепам – 700,0 грамм.
Кетамин – 2700,0 грамм.
Клоназепам – 200,0 грамм.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаҩцәа рзы 100 комплектк инарзынаԥшуа аҷыдамаҭәақәеи аинструментқәеи аанахәеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаҩцәа рзы 100 комплектк инарзынаԥшуа аҷыдамаҭәақәеи аинструментқәеи аанахәеит.
Иарбоу ахархәагақәа раахәаразы аԥара азоужьын аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи, ҳәа иаанацҳауеит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
«Араионтә ҟәшеиҵақәа, ахәҭакахьала ироуеит акәалӡхылԥақәа, амагәқәа, анапхазқәа, акәалӡхылԥаҵаҵақәа, ашоуралшара змоу аматериал иалху амаҟақәа, иара убас амцарцәаратә еигәышәқәа. Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа анапхгаҩы иажәақәа рыла, иаахәаз амцарцәаратә ҟәшеиҵақәа русура аспециафика иадҳәалоу амаругақәа акыр иаҭахны иҟаз акакәын», - ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.
Лаша Ашәба Валентина Матвиенкои Виачеслав Володини Урыстәылатәи Апарламентаризм амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпркесс. Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша УА Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа Урыстәылатәи Апарламентаризм амш рыдиныҳәалеит.
Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала ишьҭыз дныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Урытәылатәи Афедерациа апарламент аусура, апарламентарицәа рыпрофессионализми иныҟәырго аҭакԥхықәреи Урыстәылеи уи атәылауааи рԥеиԥш ауасхыр ӷәӷәа азышьҭанаҵоит.
Агәра ганы иазгәасҭар сҭахуп ҳтәылақәа рпарламентқәа русеицура Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура азинтә шьаҭа аԥхьаҟа аиӷьтәра ишазкхо».
Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Вичеслав Володин ихы иқәкны Ашәба Лаша иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа! Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәа– УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәагьы ирыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Апарламентаризм амш!
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов аҳәынҭқарратә программа «Анхарҭа 2023-2025» азы анагӡара-еиҿкааратә комиссиа анапхгаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә хықәкытә програма «Анхарҭа 2023 –2025шш.» азы анагӡара-еиҿкааратә комиссиа хьыӡҳәалатәи аилазаара шьақәнарӷәӷәеит.
Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов напхгара зиҭо акомиссиа аилазаара иалалеит:
– Руслан Аџьба – асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр (акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ);
– Рашида Аиба – Жәлар Реизара-Апарламент адепутат;
– Ирма Амҷба – афинансқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ;
– Анри Барцыц – аиустициа аминистр;
– Алеқсандр Гәлиа – Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аекономика Аусбарҭа абиуџьет асектор аиҳабы;
– Баҭал Џьопуа – Жәлар Реизара-Апарламент адепутат;
2022 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә Ҭыжьырҭа иҭнажьит еиуеиԥшым алитература иазку 321 автортә бӷьыц.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Ҭыжьырҭа» 2022 шықәсазы асахьаркыратәи егьи алитературеи рҭыжьра азы аҳәынҭқарратә ҿаҵа аплан анагӡара азы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
2022 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Ҭыжьырҭа ала иҭыжьыз арҿиамҭақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 321 автортә бӷьыц рҟынӡа инаӡоит.
2022 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Ҭыжьырҭа аплан 420 автортә бӷьыц (1 автортә бӷьыц – 22-23 икьыԥхьу адаҟьақәа ираҟароуп). ала ишьақәырӷәӷәан.
Аԥшьаша, мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы иара убас ишьақәырӷәӷәан 2023 шықәсазы асахьаркыратәи егьи алитературеи рҭыжьра азы аҳәынҭқарратә ҿаҵа аплан.
2022 шықәсазы ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа 365-ҩык ахәыҷқәа риира азы ирзыршәеит 36,5 млн. мааҭ.
Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2022 шықәсазы анапхгарабжьаратәи ахықәкытә программа «Адемографиа аҿиара» анагӡаразы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
Апрограмма ахықәкы хада – иаԥсыуоу аҭаацәара рҿы ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷи иира азы 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аматериалтә цхыраара аҟаҵара. Зыӡбахә ҳәоу 2020 шықәса аԥшьбатәи аԥшьбаразы иизи 2021 шықәсазы иизи ахәыҷқәа роуп. Убри аан ашәатәы азы адҵаалара ахәҭаны иҟан ахәыҷы даниз инаркны фымз ирхымгакәа, иара убас ажьырныҳәамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәса иҭагӡоу аамҭа иалагӡаны.
2022 программа иазоужьхеит 50 млн. мааҭ.