АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Нанҳәа.2023

Гагра ақалақь аҿы амшын иҭаз аԥсшьаҩы ахбаҩ-лашатә ааха иоуит.

Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 24 рзы Гагра ақалақь аҿы амашәыртә хҭыс ҟалеит.  Аскутерныҟәцаҩ аӡытә мотоцикл дақәтәаны мшынла дышнеиуаз аӡы иҭаз аԥсшьаҩы диаахеит. Аԥсшьаҩы ахбаҩ-лашатә ааха иоуит.  

Гагра ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ааха зауз аԥсшьаҩы Аҟәа ақалақь Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит. «Ааха зауз аԥсшьаҩы асабрада иҿаҵаны аӡааҟәрыла ҟаиҵон. Уи зны аӡы дхылон, ӡных иҽӡааиҟәрылон. Аскутерныҟәцаҩ уи дизгәамҭаӡакәа диӷрысит.

Иаарту ахбаҩ-лашатә ааха зауз аԥсшьаҩы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада ахь днаргеит. Уаҟа иара иҭагылазаашьа гәарҭеит, ахьаахәыга иларҵеит, анаҩс ареанимобиль ала Аҟәаҟа, Ареспубликатә хәышәтәырҭа анеирохирургиатә ҟәша ахь ддәықәырҵеит», –  ҳәа адырра ҟаиҵеит Адамыр  Цышба.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Асҭана Аҩӡба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ааха зауз апациент иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, уи иахәҭоу амедицинатә цхыраара иоуеит, амҽыша ахәышәтәырҭа аҟынтәи дылырҩаараны иҟоуп.

Адамыр Цышба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иҟалаз амашәыртә хҭыс ала аусеилыргара мҩаԥнагоит Гагра ақалақь апрокуратура.

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба ари аус хаҭала ахылаԥшра ихахьы игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура. 


Read 251 times - Аҩаша, 29 Нанҳәа 2023 14:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.