АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Нанҳәа.2023

Аслан Бжьаниа Дмитри Медведев диԥылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев диԥылеит.

Дмитри Медведев Аслан Бжьаниеи аԥсуа жәлар зегьи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи  15-шықәса аҵра инамаданы дрыдныҳәалеит, ирзеиӷьаишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи аманшәалареи.

«Шәбара даара сеигәырӷьоит. Ааигәа иазгәаҳҭараны ҳаҟоуп акыр зҵазкуа арыцхә – Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи  рҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи  15-шықәса аҵра.  Уи азы 2008 шықәсазы Урыстәыла иаднакылаз аӡбамҭа ус имариаз усӡамызт, аха уи иабзоураны Кавказ иахьаҵанакуаз аҭынчра ашьақәыргылареи ареспубликақәа руааԥсыра рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчареи актуалра злоу ахыдҵақәа рыӡбареи алыршахеит. Уи нахыс ҳаизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара аманы иаауеит, аидгыларатә, аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, аринахысгьы ус ишыҟало агәра сгоит.   Сара исымоу алшара схы иархәаны шәреспубликақәа руааԥсыра ахьыԥшымра, жәларбжьаратәи азин асубиект ҿыцқәа роура  рыдысныҳәалоит, ирзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи.  Хаҭала Шәаргьы иара убас ари ихадоу арыцхә шәыдысныҳәалоит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Медведев.

Аслан Бжьаниа Урыстәыла Анапхгареи хаҭала Дмитри Анатоли-иԥа Медведеви усҟан ирыдыркылаз аԥеиԥш иадҳәалоу аӡбамҭа азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

«Шәара ҳреспублика ахьыԥшымра азхаҵарала аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы шәлагала ду алашәҵеит. Убасала Аԥсны ишьақәгылеит аҭычреи аҭышәынтәалареи. Шәара ибзиаӡаны ижәдыруеит 1993- 2008 шш. Гал араион аҿы атерактқәа ирыхҟьаны  шәнызықьҩыла шҭахаз, аха шьҭа аҳәаа рӷәӷәоуп уи аҩыза уаҳа иҟалаӡом. Ҳара аизҳазыӷьара иазкны аусуразы  реалла алшара ҳауит, даараӡа ирацәаны ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи атеатрқәеи реиҭашьақәыргылара алыршоуп, уи зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала иҟаҵаз ацхыраареи адгылареи ирыбзоурахеит. Аԥсны жәлар уи ахаангьы ирхашҭраны иҟаӡам, изабан акәзар аҭынчра еиҳау акагьы аҟыӡам», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.  

«Ахьыԥшымреи ахақәиҭреи рзы акыраамҭа амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара мҩаԥысуан. Ари амҩа шьалеи ԥхӡашалеи ианысит ҳажәлар. Аҵыхәтәаны, Урыстәылатәи Афедерациа иабзоураны аиашара шьақәгылеит. Сара адырра шәысҭар сҭахуп, уаанӡа ихацыркыз аҩганктәи апроектқәа зегьы ишрыцҵахо, ҳара иҳабжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аринахасгьы аҿиара шроуа», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Убри аан уи, Аԥсны есымша иаҭаххоны иҟалозар, Урыстәыла иқәынхо ажәларқәа зегьи аиашьаратә Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлари рывагылареи адгылара рыҭареи ишазхиоу азгәеиҭеит.  

Аслан Бжьаниа иара убас иахьатәи амшхәаԥштә зҵаарақәа хара имгакәа рыӡбара шалыршахо, аҩ-тәылак рыжәларқәа реиҩызара еиҳагьы ишыӷәӷәахо азы агәыӷра шимоу ааирԥшит.


Read 494 times - Ахәаша, 25 Нанҳәа 2023 13:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.