Ари аныҳәатә мшы азы, ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Григори-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ, шәнапы злаку аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усура аҿы ақәҿиара дуқәа, Белорусиа ажәлар – аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
30.Нанҳәа.2023
Аслан Бжьаниа Алеқсандр Лукашенко иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Белорусь Ахада Алеқсандр Лукашенко иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҟны иарбоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Григори-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш! Шәара шәԥышәа дууи шәзанааҭдырра ҳараки, аполитикатә ӡбамҭақәа рыдкылараан ишәа-иза азнеиреи рыла аҭакԥхықәра зду аҳәынҭқарратә усзуҩ иаҳасабала шәҿырԥшыгоуп. Акыр шықәса инеиԥынкыланы Шәара хамеигӡарыла шәыжәлари шәыԥсадгьыли рымаҵ аура шәаҿуп. Агәра ганы сыҟоуп, аҩганктәи аусеицура аганахьала ҳтәылақәа рыбжьара иҟаҵоу раԥхьатәи ашьаҿақәа аиҩызаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рышьақәгылара шалдыршо.