АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Нанҳәа.2023

Атуристә индустриа Урыстәылатәи Аидгылара: 1,2 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла аԥхын Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа иааит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  5 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла аԥхын, 2023 шықәсазы аҳәаанырцәҟа ԥсшьара ицеит.  Урыстәыла атәылауаа еиҳа лассы-лассы атурқәа аархәон Ҭырқәтәылаҟа, Аԥсныҟа, Еиду Арабтәи Емиратқәа рахь, ҳәа   ТАСС имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы иҳәеит  Атуристә индустриа Урыстәылатәи Аидгылара апрезидент ихаҭыԥуаҩ  Дмитри Горин.

«Аԥхынтәи хымз ирылагӡаны 5 миллионҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла  егьырҭ атәылақәа рахь ԥсшьараҳәа ицеит» , - ҳәа иҳәеит иара.

Заанаҵы аҭыԥ ркааны, мамзаргьы атурфирмақәа рыла зыԥсшьы зшьо Урыстәылатәи атуристцәа  рзы зегьы реиҳа ипопулиару аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәаны иҟалеит: Ҭырқәтәыла (хымз рыла 2,6 миллионҩык иреиҵамкәа атуристцәа), Аԥсны (1,2 миллионҩык), Еиду Арабтәи Емиратқәа рахь (350 нызықьҩык), Египет (300 нызықьҩык), Таиланд (180 нызықьҩык).

Иара убас  Урыстәыла атәылауаа Мальдивы рыԥсы ршьон. (55 нызықьҩык), Куба (35 нызықьҩык), Шри-Ланка (27нызықьҩык), Сеишелы (11 нызықьҩык), ҳәа еиҭеиҳәеит Дмитри Горин.


Read 485 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 18:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.