АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Нанҳәа.2023

Гагратәи апарк аҿы иҟалаз аӷьычра иаразнак аартра алыршахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи апарк аҿы иҟалаз аӷьычра иаразнак аартра алыршахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзра.  

Апринц Ольденбургтәи ипарк аҿы зыԥсы зшьоз аԥсшьаҩы аԥарақәеи аусшәҟәқәеи зҭаз иарҭмаҟ ицәырӷьычит.

Ахаҵа Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша ахь арзаҳал ҩны иалеиҵеит.

Имҩаԥгаз аоперативтә уснагӡатәқәа рыла ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа ари ацәгьоура аҿы игәҩараз ахаҿы дшьақәдыргылеит. Уи 1980 шықәсазы ииз, Аԥсны ԥсшьараҳәа иааз, Ермантәыла атәылауаҩ  Ниазиан Дереник Баграҭ-иԥа иоуп. Иара  Гагра араион Багрыԥшь ақыҭан дааныркылеит.

Иааныркылаз хаҭала игәаҭараан амилициа аусзуҩцәа идырбалеит иӷьычыз амазара –  арзаҳал алазҵаз ихьӡала иҟаҵаз аусшәҟәқәеи зеицҵалыҵ 65 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоз аԥареи зҭаз армаҟ.  Иӷьычыз амазара  зегьы аԥшәма ирхынҳәны иҭоуп.

Ниазиан Дереник Баграҭ-иԥа  иганахьала Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 155, ахәҭа  3 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (мҽхакы ҭбаала иҟаҵоу аӷьычра) ала  аусеилыргара хацыркуп. Ацәгьуаҩы ахьырхәра аҳасабала аҭакра изалхуп.


Read 474 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 18:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.