АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Нанҳәа.2023

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Москваҟа аусуратә ҭаара налыгӡеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьал Москваҟа аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҩаша, нанҳәамза 29 рзы ахәыҷқәеи аҭаацәеи ацхыраара рыҭаразы Аҭаацәаратә Центр  «Непоседы» (Анаҩс- Ацентр) даҭааит.

Ацентр аҭаара хықәкыс иаман аиԥш-зеиԥшу аусбарҭақәа русушьа абара, урҭ рԥышәа Аԥсны анаҩс ахархәаразы амадара, избан акәзар Аԥсны иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа аҿы иҟалаз ахәыҷқәа аамҭала рнырхаразы Акризисттә центр аартра азҵаара ықәгылоужьҭеи акыр ҵуеит.  

Ацентр анапхгаҩы Наталиа Курышова Мактина Џьынџьалԥҳа лзы аусбарҭа аҿы аекскурсиа лзеиҿылкааит, уи аусура атәы инарҭбааны илзеиҭалҳәеит.  

«Непоседы» - ари Москватәи аобласт аҿы иҟоу иарбоу ахырхарҭала аус зуа иреиҳау аусбарҭақәа иреиуоуп.

Ацентр аусура ахықәы хадақәа иреиуоуп:

  • асоциалтәи анаҩстәи аиаҭымра, ахылаԥшыдара, аҭынхадара, ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рыманшәаламзаара, уҳәа апрофилактика;
  • ахәыҷқәа зыхшаз аҭаацәа рҿы раанхара алыршара;
  • аҭаацәа рхылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәа ааӡараҳәа егьырҭ аҭаацәа рыҭара, мамзаргьы аамҭала раанкылара, уҳәа аиҿкаара.

Ацентр ахатәы усура ауааԥсыра рсоциалтә хьчара, ахылаԥшра, абикунра, аҵарадырра, уҳәа аусхкқәа рҿы аус  зуа аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи аҵарадырратә еиҿкаарақәа, амедицинатә еиҿкаарақәа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа, зықәра наӡам русқәеи рзинқәа рыхьчареи рзы акомиссиақәа, иара убас ауаажәларратәии егьырҭ аиҿкаарақәеи, иара убас Москватәи аобласть аҳәынҭқарратә мчра анагӡаратә усбарҭақәа,  Москватәи аобласть амуниципалтә еиҿкаарақәа аҭыԥантәи ахаланапхгаратә  усбарҭақәа, Москватәи аобласть асоциалтә ҿиара Аминистрра атерриториалтә ҟәшеиҵақәа рымадарала инанагоит.

Ацентр аҿы астационартә еиԥш ҽынлатәи амаҵзурақәа нарыгӡоит.   

Аус руеит абарҭ амаҵзурақәа:

  • ахәыҷқәа комплексла ацхыраара рыҭара (астационар);
  • аҭаацәеи ахәыҷқәеи ацхыраара рыҭара;
  • ахәыҷқәа зхылҵыз аҭаацәа рмыцхәрас ицәырҵуа аҭаацәа реидҳәалара;
  • аинтернат аужьҭымҭацәа ахылаԥшра рыҭара;
  • апсихолого-педагогикатә цхыраара рыҭара;
  • амедицина-социалтә реабилитациа;
  • аҭыԥантәи асоциалтә маҵзура;
  • аконсультативтә цхыраара рыҭара.

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу (аомбудсмен)  амаҵзурақәа зегьы дырҭааны урҭ аусзуҩцәа дрыҿцәажәеит, ахәыҷқәа рыҟазаара аҭагылазаашьақәа гәалҭеит, иҟоуп дзыҿцәажәаз ахәыҷқәагьы.

Ацентр аҭаара иалагӡаны Москватәи аобласть асоциалтә ҿира Аминистрра аокругтә усбарҭа анапхгаҩы Игорь Момонини  Москватәи аобласть асоциалтә ҿира Аминистрра аокругтә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ  Ирина Киосеи рԥылара еиҿкаахеит.  

Дара Москватәи аобласть абекунра аусбарҭа аус шауа атәы инарҭбааны иалацәажәеит, ахәыҷқәа рзинқәеи ринтересқәеи зыхьчо еиуеиԥшым аусбарҭақәа рхаҭаранакцәеи дареи русеицура шымҩаԥысуа еиҭарҳәеит,   зықәра наӡам рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара азы русура анагӡара злашьаҭарку анорма-зинтә база иазааҭгылеит.

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, аиԥылара даара хра злоу аҟазшьа аманы имҩаԥысит, уи ашьҭахь иаанхеит Аԥсны Акризистә Центр аартраан иухәаша аконтактқәа, аиқәшаҳаҭрақәа аинформациа маҷымкәа.

 

 

 


Read 224 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 16:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.