АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Нанҳәа.2023

Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа зыкапан рацәоу анаркотикқәа реиҭарсра аҿы гәҩарас дҟаҵоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа анаҩс реиҭарсра хықәкыс иҟаҵаны  зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рзы гәҩарас дҟаҵоуп.  

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшратә Усбарҭеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҟәа ақалақь, Гәымсҭатәи амҩала дааныркылеит автомашьына «Митсубиси» ала иҟаз, 1978 шықәса рзы ииз Амҷба Ерик Гиви-иԥа.  

Хаҭалатәи игәаҭараан ахаҵа идырбалеит иҭалаҳәаз аилаҳәарақәа. Урҭ ирылаҳәан зыԥштәы шкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар.  Анаҩс аекспертцәа рыла ишеилкаахаз ала – уи «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар акәын. Иара убас ахаҵа имхын абанктә хсаалагақәеи ҩ-мобилтә ҭелқәеи.

Автомашьына аҩныҵҟа иҭаҵәахыз ақьаадтә ҿыхьшьы илаҳәаз аиԥш-зеиԥшу аилаҳәарақәа рыԥшааит. Иааизакны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшратә Усбарҭа аусзуҩцәа ирыԥшааит 8 рҟынӡа аҭиразы ирхиаз метадон злаҳәаз аилаҳәарақәа.

Атәылауаҩ Ерик Амҷба ихаҭа ишазгәеиҭаз ала, идырбалаз анаркотикатә маҭәашьарқәа злаҳәаз аилаҳәарақәа рыхәҭак иара ихатә хархәаразы ирхианы иман, егьи ахәҭа имаӡоу аҭаҵәахқәа раҳасабала рыҭиразы иман.  

Анаҩстәи аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Ерик Амҷба уаанӡа иҟаиҵахьаз имаӡоу аҭаҵәахқәа рҭыԥқәа аирбеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра ахылаԥшратә Усбарҭа ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьарқәа зҭаз даҽа хә-еилаҳәарак. Имаӡоу аҭаҵәахқәа ҟаҵан Аҟәа ақалақь, Афырхацәа-аҳәаахьчаҩцәа рымҩеи Аргәын имҩеи рҿы, иара убас Аҟәа араион  иахьаҵанакуа, аха  урҭ аҵыхәтәантәи ахархәаҩ иҟынӡа анаӡара залмыршахеит.

Иааизакны, аекспертцәа иҟарҵаз адыррақәа рыла, Амиҷба Ерик имхыз анаркотикатә маҭәашьар «метадон» акапан 11,3 грамм рҟынӡа инаӡоит, уи ҷыдала зыкапан дуу рахь иаҵанакуеит.

Ерик Амҷба иганахьала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ   224 ахәҭа 3 апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура ала аусеилыргара хацыркуп. Аусеилыргара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша.

 


Read 452 times - Аԥшьаша, 31 Нанҳәа 2023 14:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.