АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Нанҳәа.2023

15-шықәса зхыҵуа аӡӷаб амшын иагоз 9-шықәса зхыҵуа аҷкәын иԥсы еиқәлырхеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 15-шықәса зхыҵуа Вологда ақалақь аҟынтәи Алина Смирнова амшын иагоз 9-шықәса зхыҵуа Нижни Тагил ақалақь аҟынтәи Матвеи Паламачук иԥсы еиқәлырхеит. Аҷкәын амшын дышҭаз ишьапқәа ҷыркәалкит, уи иахҟьаны иԥсы еивҵахо иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Иҷыдоу аҭагылазаашьа ҟалеит нанҳәамза 26 рзы Пицунда ақалақь аплиажқәа руак аҿы. Алина Смирнова лажәақәа рыла,  лара амшын дышҭаз ҷкәынак хӡааҟәрыла шыҟаиҵаз, аха акыраамҭа дышхәыҵымҵуаз лылаԥш иҵашәеит.   Аӡӷаб иаразнак  иҽеим акы шыҟалаз еилкааны ахәыҷы иԥсеиқәырхара лҽазылшәеит. Зегьы Анцәа иџьшьаны ибзианы еилгеит», –  ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра анапхгараҭараҿы Алина Смирнова ас еиԥш аҭагылазаашьа ҷыда аҿы лхымҩаԥгашьа ахәшьара ҳарак арҭеит, лгәымшәареи лыуаҩреи азгәарҭеит. Лара илыбзоураны зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаз аҷкәын деиқәхеит. 

 

 


Read 443 times - Аԥшьаша, 31 Нанҳәа 2023 17:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.