Атурнир аиҿкаара рхахьы иргеит – Аԥсны таитәи абокс Афедерациа, аҭаҷкәымеиқәԥаратә клуб «Иԥшьоу Гьаргь Аиааирагаҩ», аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҟәа ақалақь, Аҟәа араион Ахадарақәа, акультуратә фонд «Платформа», Краснодартәи атәылаҿацә таитәи абокс Афедерациа.
Аҟәатәи аспортсменцәа таитәи абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир аҿы аҩбатәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аспортсменцәа таитәи абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир «Аиааирагаҩы Иԥшьоу Гьаргь Ихраҿа» аҿы аҩбатәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит. Актәи аҭыԥ ааныркылеит шәачатәи аспортсменцәа, ахԥатәи – Нхық Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа.
Атурнир нанҳәамза 26 - 28 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан. Аицлабрақәа рымҩаԥгара 1992-1993 шш. Аҵсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеи 15- шықәса аҵреи иазкны еиҿкаахеит.
Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны, Ермантәыла, Урыстәыла (Краснодартәии Ставропольтәи атәылаҿацәқәа, Донецктәи Жәлартә Республика, Чечентәи Ареспублика, Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа, Москватәи аобласть, ақалақьқәа – Москва, Пермь, Краснодар, Калининград) рҟынтәи 250-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.