АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Нанҳәа.2023

Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаатит Аракьычтәи ашкол.

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Аракьыч ақыҭан иҟоу, хәажәкырамза,  2023 шықәсазы иҟалаз абылра иахҟьаны акыр ааха зауз ашкол даҭааит.

Ашкол аҿы ихыркәшахеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, цәыббрамза 1 азы арахь иаараны иҟоуп ашколхәыҷқәа.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашкол арҵаҩратә коллектив аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара рыдиныҳәалеит.

«Арыцҳара ҟалеит, ашкол блит. Аӡәырҩы хьаас ирыман, цәыббрамза 1 аҟынӡа ашкол аиҭашьақәыргылара ахыркәшареи аҵаратә процесс алагареи иахьымӡар ҳәа ишәон.  Адунеи аҿы аџьашьахәқәа маҷӡам, Аԥсныгьы имаҷымкәа иҟоуп ауаа аџьашьахә аҟаҵара зылшо», – ҳәа иҳәеит Аслан  Бжьаниа.

Иара ашкол аиҭашьақәыргыларазы афинанстә цхыраара ҟазҵаз еиқәиԥхьаӡеит.

Уи аерманцәа рдиаспора ахаҭарнакцәа, Аԥсны иқәынхо аерманцәа Реилазаара ахантәаҩы Алик Минасиан, Аракьыч ақыҭауаа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Резо Занҭариа, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, уҳәа аӡәырҩы.  «Ари даара ибзиоу школуп, араҟа ишьақәгыланы иҟоуп зеиӷьаҟам арҵаҩратә традициақәа. Ари ашкол аужьҭымҭацәа изныкымкәа ишьақәдырӷәӷәахьеит рдырра аҩаӡара аҳаракра. Агәра ганы сыҟоуп, уаҵәы актәи акласс ахь зшьапы еихызго ахәыҷқәа даара ибзиоу аҵарадыра шроуа. Зегьы аманшәалареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьасшьоит!», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.


Read 463 times - Аԥшьаша, 31 Нанҳәа 2023 17:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.