АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Нанҳәа.2023

Тамшь ақыҭан аӡымҩангагатә шәырақәа шьҭарҵоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Тамшь ақыҭа даҭааит. Иара араҟа аӡымҩангагатә шәырақәа рышьҭаҵара шымҩаԥысуа гәеиҭеит.

Тамшь ақыҭагьы зҵанакуа алхратә ҭыԥхада №31 ала иалху Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Резо Занҭария, аӡымҩангага ҿыц ашьҭаҵара ақыҭауаа иааиԥмырҟьаӡакәа ӡыла реиқәыршәара алнаршоит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Асовет аамҭа аныҟазгьы араҟа аӡрыжәтә хыҵхырҭа рыԥшаахьан, уи ачаӡырҭатә зауад аусураҿы рхы иадырхәон. Иара зхаҭабзиара ҳараку аӡрыжәтәны иԥхьаӡан», –  ҳәа еиҭеиҳәеит адепутат.

Уи иажәақәа рыла, ақыҭауаа иара убри аӡхыҵхырҭа ахархәаразы агәазыҳәара аадырԥшит.

«Ақыҭаҿы иҟоуп иара убас егьырҭ аӡхыҵхырҭақәеи аҵеиџьқәеи, аха урҭ иахьатәи аӡрытә стандартқәа ирықәшәо иҟам. Убас ала ақыҭауаа еицҿакны рхатә харџь ала аӡымҩангага аргылара азы аӡбамҭа рыдыркылеит», – ҳәа иҳәеит Резо Занҭариа.

Иара ишазгәеиҭаз ала, цәыббрамза аҩшамҭаз иазԥхьагәаҭоу аусурақәа зегьы хыркәшахароуп.

Аӡымҩангага аура –  15 километр рҟынӡа инаӡоит. «9 млн. мааҭ ақәхарџьны аӡымҩангагатә шәырақәа аахәан. Аӡхыҵхырҭа кылырҵәеит, аӡхагаларатә шьақәгылагақәа дыргылеит», –  ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Аусурақәа рхыркәшара ашьҭахь 170 ҩнаҭа зхаҭабзиара ҳараку аӡрыжәтә ала еиқәыршәахоит.  


Read 432 times - Аԥшьаша, 31 Нанҳәа 2023 20:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.